Бадра Гәынба Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа дырԥылеит
17:07 18.09.2026 (ирҿыцуп: 17:58 18.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 18 — Sputnik. Бадра Гәынба Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа дырԥылеит.
Аиԥылара иалахәын Аслан Кобахиа, Рауль Смыр, Ҷыҷыкәа Мархолиа, Гарри Саманба, Аслан Дгебиа, Рауль Лолуа, Ахра Ԥачлиа.

Аветеранцәа аҳәара ҟарҵеит аҳәынҭқарра анапхгара адгылара арҭарц Аԥсны Афырхацәа, акомандаҟаҵаҩцәа Витали Смыри Геннади Ҷанбеи рбаҟақәа Аҟәа Ахьӡ-пша апарк аҿы ишьақәдыргыларц ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ахада ипресс-маҵзура.
Аиԥылараҿ иазааҭгылеит Гәымсҭатәи афронт аҿы иҭахаз рбаҟа аргылара азҵаара. Бадра Гәынба иазгәеиҭеит уи хымԥада иаҭахны ишиԥхьаӡо. Аибашьра аветеранцәа ирҳәеит, уи еиԥш абаҟа аргыла ахәҭоуп ҳәа шырыԥхьаӡо Ешыра ақыҭан, иахьа абираҟ ахьқәгылоу ахәы ҳарак аҟны.
Аиԥылараҿы аветеранцәа ишьҭырхит даҽа зҵаарак — аибашьра еилгеижьҭеи 33 шықәса анҵхьоу, аамҭазы Аибашьра иазкыу аҳәынҭқарратә ҳамҭақәеи ахьыӡ ҳаракқәа рыхҵареи рзы аҳәынҭкомиссиа аусура аанкылара.
Аԥсны ахадеи аветеранцәа аиԥылараҿы ирзааҭгылеит аҳәынҭқарра аҿиара иадҳәалоу егьырҭ азҵаарақәагьы.