"Аԥсуа цәқәырԥа" аҳәаанырцәтәи алахәылацәа рзы Ажәытә Гагра аекскурсиа мҩаԥыргеит
18:52 18.09.2026 (ирҿыцуп: 23:22 18.09.2026)

© Sputnik / Бадри Есиава
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аекспедициа иалахәуп 16 тәыла рҟынтәи 22-ҩык алахәылацәа. Афестиваль "Аԥсуа цәқәырԥа" хәымш имҩаԥыслоит.
АҞӘА, цәыббра 18 — Sputnik. АЖәР "Аԥсуа цәқәырԥа" аекспедициа аҳәаанырцәтәи алахәылацәа рзы Ажәытә Гагра аекскурсиа мҩаԥыргеит.
Асасцәа ақьалақь аҭоурых атәы рзеиҭалҳәеит ААУ жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рфакультет аушьҭымҭа Александра Оҭырԥҳа.
Лара иара убасгьы Аԥсны агеографиатә ҭыԥ, Гагра аҭоурых, аурыс принц Александр Ольденбургтәи уи аҿиараҿы илагала еиҭалҳәеит.
Аекспедициа алахәылацәа аԥшаҳәаҿы илеиҩеины гагратәи агәашьаркырақәа ирҭааит, уаҟа ирԥылеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба, Гагра араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Адамур Цәышба, Жәлар Реизареи араионтә Еизареи рдепутатцәа.