Гагра араион ари амчыбжь иалагӡаны ҩыџьа ахацәа амшын иагеит
13:37 19.09.2026 (ирҿыцуп: 15:00 19.09.2026)

© Sputnik / Акоп Кущян
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 19 — Sputnik. Ари амчыбжь иалагӡаны ҩыџьа ахацәа амшын иагеит Гагра араион ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
Урҭ руаӡәк, Москва инхоз Геннади Фурсов ишьҭоуп цәыббра 15 аахыс. Цәыббра 17 рзы адырра ҟалеит амшын аҿы дшыӡыз 24 шықәса зхыҵуа Таџьикисҭан атәылауаҩ Хабиб Рахмонов.
Аԥшаарақәа иааиԥмырҟьаӡакәа ицоит, урҭ рҽаладырхәит аҭыԥантәи ауааԥсырагьы. Дара рхатәы катерқәеи агидроциклқәеи рхархәарала, аиқәырхаҩцәа аӡымҽхак агәаҭараҿы ирыцхраауеит.