Бадра Гәынба афестиваль жәларбжьаратәи аекспедициа ацҵаразы аԥшьгара дадгылеит
14:38 21.09.2026 (ирҿыцуп: 15:13 21.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Афестиваль "Аԥсуа цәқәырԥа" цәыббра 11-17 рзы Екатеринбург имҩаԥысуаз Аҿар рфорум арегионалтә программа иахәҭакхеит. Аԥсны имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аекспедициа иалалеит 16 тәыла рҟынтәи 22-ҩык алахәылацәа.
АҞӘА, цәыббра 21 — Sputnik. Бадра Гәынба афестиваль жәларбжьаратәи аекспедициа ацҵаразы "Аԥсуа цәқәырԥа" алахәылацәа раԥшьгара дадгылеит.
"Ари афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны, сгәыӷуеит, аԥснытәи шәколлегацәеи шәареи еизааигәаны аус еицыжәулап ҳәа", — иҳәеит иара асасцәа рахь ихы нарханы.
Жәларбжьаратәи аекспедициа алахәылацәа Бадра Гәынба азҵаарақәа ирҭеит. Дара азҿлымҳан Аԥсни аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәеи рыбжьара акультуратә еиҭныԥсахларақәа ртәы, аҳәынҭқарра ахада акультура аминистр иҳасаб ала иусуратә ԥышәа, жәларбжьаратәи амшхәаԥштә, Аԥсны аҿар-ҵарадырратә проектқәа рыҿиара.
Аҿар жәларбжьаратәи рфестиваль "Аԥсуа цәқәырԥа" иалахәу Колумбиантәи ажурналист, аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба диазҵааит Аԥсны иазкны адунеи аҿы макьаназ ирзымдыруа иҟоу иарбану ҳәа.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит, Аԥсны иазкны ирзымдыруа шырацәоу, ирзеилымкаауагьы шыҟоу, убри азоуп ареспублика ахьыԥшымра азхаҵара азҵаарақәа рҿы аиҿагылара зыҟоу ҳәа.
"Знык иадамхаргьы ари адгьыл барақьаҭ иаҭааз, Аԥсны ажәлар рысасдкылареи рҩызареи знырыз ауаа Аԥсны азхаҵара ахаангьы иаҿагылаӡом", — ҳәа иҳәеит Гәынба.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит, Аԥсны иазкны ирзымдыруа шырацәоу, ирзеилымкаауагьы шыҟоу, убри азоуп ареспублика ахьыԥшымра азхаҵара азҵаарақәа рҿы аиҿагылара зыҟоу ҳәа.
"Знык иадамхаргьы ари адгьыл барақьаҭ иаҭааз, Аԥсны ажәлар рысасдкылареи рҩызареи знырыз ауаа Аԥсны азхаҵара ахаангьы иаҿагылаӡом", — ҳәа иҳәеит Гәынба.
Афестиваль алахәылацәа аҳәынҭқарра ахада ареспубликаҿы рыҟазаараан аус здырулаз аԥшьгарақәа хԥа идыргалеит:
Аԥсны аҩызцәа ҿарацәа жәларбжьаратәи рҳаи атәыла акультура аӡыргареи – Amigos de Abjasia;
Аԥсни Латинтәи Америкеи рыбжьара академиатә еиҭныԥсахлареи аҭҵаарадырратә усеицуреи –Project Research;
Акультуратә еиҭныԥсахларазы ацифратә платформа: амузыка, атрадициақәа, аныҳәақәа, онлаин-еиԥыларақәа, авикторинақәа — Culture Wave
Аиԥылара ахыркәшамҭаз алахәылацәа аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа аҟынтәи аҳамҭақәа ранаршьеит —Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа зну афотоальбоми амилаҭтә валиута аԥсари.

