Апатриоттә форум "Аҽеизгарҭа ҭыԥ: Аԥсны" мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәа
14:52 21.09.2026 (ирҿыцуп: 15:15 21.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 21 — Sputnik. Апатриоттә форум "Аҽеизгарҭа ҭыԥ: Аԥсны" мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәа.
Цәыббра 24-25 рзы аҭоурыхтә гәалашәареи абиԥарақәа реиқәҿыҭреи ирызку афорум аҿы 150-ҩык рҟынӡа алахәылацәа — 50-ҩык аветеранцәеи 100-ҩык аҿар рхаҭарнакцәеи еизараны иҟоуп.
Аиқәшәарҭа ҭыԥ́́кәаны иҟалоит Ацентр "Ҳара ҳаидгылоупи" Аԥснытәи ахысырҭатә клуби.
Апрограммаҿы иҟоуп аҿари аветеранцәеи иаартны реицәажәарақәа, апленартә еилатәарақәа, адокументалтә фильмқәа дырбара. Хаз хырхарҭаны иҟалоит акомандатә усеицура.
Афорум идеиа хада — абиԥара ҿа аҭоурых иара иалахәыз рхаҭақәа рҟынтәи ираҳарц алшара рыҭара. Аветеранцәа ргәалашәарақәеи рԥышәеи шьаҭас ироуроуп Аԥсны иахнагази, аграждантә ҭакԥхықәреи, аԥеиԥши рылацәажәара.
Аиҿкааҩцәа — ИАЕ "Импакт", "Аԥсны аибашьра аветеранцәа Рассоциациа ", АЖәҾЕ "Аԥсны Ҿа" адгыларала, ахада игрантқәа Рфонд ацхыраарала.