Апаллиативтә цхыраара астандартқәа Аԥсны рхархәара иалацәажәеит аекспертцәа
16:56 21.09.2026 (ирҿыцуп: 17:29 21.09.2026)

© Fotolia / Photographee.eu
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 21 — Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рекспертцәа урыстәылатәи апаллиативтә цхыраареи апсихологиатә цхыраареи рстандартқәа аҭыԥантәи аҭагылазаашьақәа раршьцылара — аспециалистцәа разыҟаҵара инаркны аволонтиорцәа русура аҟынӡа – аҿырԥштәқәа ирылацәажәеит.
Аҟәа имҩаԥысит "Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны акраамҭатәи ахылаԥшреи апаллиативтә цхыраареи рсистемазы урыстәылатәи ахылаԥшреи апсихологиатә цхыраареи рстандартқәа" захьӡу астол гьежь ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс".
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Маиа Цыбулевскаиа иазгәалҭеит Аԥсны агеронтологиеи агериатриеи макьаназы ашьақәгылара аетап ишҭагылоу. Убри азы, лара лажәақәа рыла, еиҳарак ихадоуп урыстәылатәи рколлегацәа рыдгылареи рԥышәеи, аха убри аан, ареспублика аҷыдара ҳасаб азуны.
"Ихиоу ақәыԥшылақәа ыҟаӡам", — ҳәа азгәалҭеит ставропольтәи аиҿкаара "Ажәра гәырӷьароуп — Ставрополь" анапхгаҩы Татиана Василиева.
Дара хәышықәса ҵуеит хазхаҭалатәи ахылаԥшратә системақәа раԥҵареи аспециалистцәа ааԥсара рацәыхьчареи рнапы алакуижьҭеи.
Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Олег Оҭырба ишиҳәаз ала, уаанӡа зықәрахь инеиз рбара-реиҷаҳара еиҳарак аҭаацәа рыҩнуҵҟа акәын иахьымҩаԥысуаз. Уажәы иҳәынҭқарратәиуи иҷыдоуи амаҵзурақәа рыҿиара аҭахны иҟалеит.
Ацәажәара рхы аладырхәит аволонтиорцәа раҳасабала аҵареи аусуреи иазхиоу ашколхәыҷқәеи астудентцәеи.
Аусмҩаԥгатә, ИИАЕ "Ажәра гәырӷьароуп — Ставропольи" Урыстәылатәи Афедерациа ахада игрантқәа Рфонди рыцхыраарала имҩаԥысуа апроект "Агәцаракра аҵакыра" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿыркааит.