"Иҭабуп" – абри ауп исҳәарц исҭаху!"
"Аԥсуа цәқәырԥа" алахәылацәа ареспубликаҿы раԥхьатәи амшқәа рзы ирымоу ацәаныррақәа ҳацеиҩыршеит.
Еквадорнтәи иааз Ескарла Солис лажәақәа рыла, уаанӡа Аԥсны аӡбахә ҳәа акгьы лмаҳацызт, аха афестиваль гәахәарыла дшалахшу атәы лҳәеит.
"Сара избеит акәашара ԥшӡа, ачыс, акультура, ашьхақәа. Аҩныҟа саныхынҳәлак, Аԥсны Аҳәынҭқарра алшарақәа зегьы ртәы еиҭасҳәоит", — лҳәеит лара.
Кубантәи иааз Лиана Аԥсны илбеит лыԥсадгьыл еиԥшу акык-ҩбак – атуризм аҿиара ахшыҩзышьҭра, аԥсабара ԥшӡа, асасдкылара злоу ауаа.
Ареспублика аӡбахә лара уаанӡа илаҳахьан араҟа инхо кубаа рҟынтәи, убри аҟынтә аԥҳәызба даара дазҿлымҳан лыблала зегьы рбара.
"Аԥсны сыззыԥшыз зегьы ираԥнагеит, ари тәыла ԥшӡоуп, бзиа избеит, шьҭахьҟа ахынҳәра сҭахым. Сара агәра ганы сыҟоуп ҳара ҳацхыраареи, иҟашәҵо амчқәеи рыла ари атәыла аҿиара шаиуа, уи асуверенитет еиҳа атәылақәа шазхарҵо", — ҳәа азгәалҭеит лара.
Аԥсышәала Лиана ажәа "иҭабуп" лҵеит, аԥсуа жәлар иҭабуп ҳәа ралҳәоит асасдкылара ԥхазы.