Бадра Гәынба араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа Аԥсны иахьаҵанакуа Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа ралхрақәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи рҿы Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ацхыраара ахьарҭаз азы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.
21:08 21.09.2026 (ирҿыцуп: 21:26 21.09.2026)
Анапаҵаҩра
Бадра Гәынба араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа Аԥсны иахьаҵанакуа Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа ралхрақәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи рҿы Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ацхыраара ахьарҭаз азы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.
"Сара сыӡбамҭала иаԥҵан Беслан Владимир-иԥа (Бигәаа - аред.) напхгара зиҭоз аусуратә гәыԥ, уи иалан ақалақьи араионқәеи рхадара анапхгаҩцәа. Сара исҭахын арҭ аусмҩаԥгатәқәа зегьы реихшьаалақәа рыла иҭабуп ҳәа шәасҳәарц Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа ирышәҭаз адгыларазы. Аиҿкааратә зҵаарақәа шәара ишәыдын, алхрақәа ишахәҭоу имҩаԥысит", — иҳәеит аҳәынҭқарра ахада аилацәажәараҿы.
Аԥсны иаартын алхырҭатә ҭыԥқәа 50. Абжьыҭира рҽаладырхәит 70 нызқьҩык инеиҳаны алхыҩцәа.