https://sputnik-abkhazia.info/20260922/1065851690.html
Гәымсҭатәи афронт аҿы иҭахаз рбаҟа аргыларазы акомиссиа аԥҵара иалацәажәеит
Гәымсҭатәи афронт аҿы иҭахаз рбаҟа аргыларазы акомиссиа аԥҵара иалацәажәеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, цәыббра 22 — Sputnik. Гәымсҭатәи афронт аҿы иҭахаз Аԥсны ахьчаҩцәа рбаҟа аргыларазы акомиссиа аԥҵара азҵаара иалацәажәеит атәыла ахада Иусбарҭаҿы. 22.09.2026, Sputnik Аҧсны
2026-09-22T11:41+0300
2026-09-22T11:41+0300
2026-09-22T11:54+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
бадра гәынба
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/05/0e/1062994441_0:100:1920:1180_1920x0_80_0_0_4ba09360848c3d05a26b4e1948bc7c42.jpg
АҞӘА, цәыббра 22 — Sputnik. Гәымсҭатәи афронт аҿы иҭахаз Аԥсны ахьчаҩцәа рбаҟа аргыларазы акомиссиа аԥҵара азҵаара иалацәажәеит атәыла ахада Иусбарҭаҿы.Аԥсны ахада ашәахьаҽны араионқәа рхадацәа алархәны аилацәажәара анымҩаԥигоз Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа адҵа ииҭеит абри азҵаара ахылаԥшры ҷыда аиҭарц. Бадра Гәынба иҳәеит хара имгакәан ишаԥҵахо акомиссиа. Атәыла ахада иазгәеиҭеит абаҟа аҭыԥ азалхразы аветеранцәа ражәа аԥыжәара шаҭахо. Дара еицҿакны ирҳәеит зегь раасҭа иахьақәнагоу ҭыԥуп ҳәа ишырыԥхьаӡо Ешыра ақыҭан, иахьа аҳәынҭқарратә бираҟ ахьықәгылоу ахәы ҳарак.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/05/0e/1062994441_107:0:1814:1280_1920x0_80_0_0_31ca14c332fa4dc29e9e644c85c148de.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, бадра гәынба
ажәабжьқәа, аԥсны, бадра гәынба
Гәымсҭатәи афронт аҿы иҭахаз рбаҟа аргыларазы акомиссиа аԥҵара иалацәажәеит
11:41 22.09.2026 (ирҿыцуп: 11:54 22.09.2026) АҞӘА, цәыббра 22 — Sputnik. Гәымсҭатәи афронт аҿы иҭахаз Аԥсны ахьчаҩцәа рбаҟа аргыларазы акомиссиа аԥҵара азҵаара иалацәажәеит атәыла ахада Иусбарҭаҿы.
Аԥсны ахада ашәахьаҽны араионқәа рхадацәа алархәны аилацәажәара анымҩаԥигоз Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа адҵа ииҭеит абри азҵаара ахылаԥшры ҷыда аиҭарц. Бадра Гәынба иҳәеит хара имгакәан ишаԥҵахо акомиссиа.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит абаҟа аҭыԥ азалхразы аветеранцәа ражәа аԥыжәара шаҭахо. Дара еицҿакны ирҳәеит зегь раасҭа иахьақәнагоу ҭыԥуп ҳәа ишырыԥхьаӡо Ешыра ақыҭан, иахьа аҳәынҭқарратә бираҟ ахьықәгылоу ахәы ҳарак.
"Зықьҩык инарзынаԥшуа ҳаибашьцәа ахьҭахаз Гәымсҭатәи ацәаҳәа ҳажәлар аҟазаареи аҟамзаареи ианырҭагылаз цәаҳәа ҟаԥшьык иаҳзаҩызан. Убри азын ҳаибашьцәа рфырхаҵара иасимволу абаҟа аргылара ҳаззегь ҭакԥхықәра ҳаракыла ҳазнеироуп", — иҳәеит Бадра Гәынба