Аԥсны еизгоу акоманда Москва жәларбжьаратәи асуперхраҿа "КЕС-БАСКЕТ" аҟны аџьаз иаԥсахеит
13:36 22.09.2026 (ирҿыцуп: 13:50 22.09.2026)

© telegram SputnikAbkhazia
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 22 — Sputnik. Аԥсны еизгоу акоманда Москва имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи асуперхраҿа "КЕС-БАСКЕТ " аҟны аџьаз анашьахеит.
Ахԥатәи аҭыԥ азы имҩаԥгаз ахәмарраҿы аԥснытәи амҵәышәмпыласыҩцәа Монголиа акоманда иаиааит — 57:50 ҳәа. Уи аԥхьа дара Ҭырқәтәыла, Ҟазахсҭан ркомандақәа ириааихьан, афиналбжаҿы акоманда "Россия-2" иаҵахеит.
Ахԥатәи аҭыԥ азы ахәмарраҿ иалыркааит:

Лука Лукашевич-19 кәаталеи 9 мпылкреи ( аред. подборов);
Баграт Амҷба — 12 кәаталеи 16 мпылкреи;
Дамеи Маргиа-11 кәатала.
Қәҿиарала иқәгылеит аҳәса ркомандагьы. Апиедестал аҟынӡа аҭыԥҳацәа зымнаӡеит, аха хазхаҭалатәи аҳамҭақәа ҩба аҩныҟа иааргеит.
Камилла Занҭариаԥҳа атурнир "Иреиӷьу агәҭанытә хәмарыҩ" ҳәа далыркааит, Дана Аԥшьлааԥҳа аҟазаратә еицлабраҿы аҩбатәи аҭыԥ аанылкылеит.
Ақәыԥшцәа ркоманда азыҟаиҵоит Дмитри Џьынџьал, аҳәса ркоманда — Николаи Гушьин.