https://sputnik-abkhazia.info/20260922/1065863156.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аекономика аминистрра иаанацҳауеит х-хырхарҭак рыла абизнеси аинвестициатә проектқәеи рыдгыларазы азыҳәақәа шрыдыркыло. Аусбарҭа аусшәҟәқәа аднакылоит... 22.09.2026, Sputnik Аҧсны
2026-09-22T18:01+0300
2026-09-22T18:01+0300
2026-09-22T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/16/1065862990_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_04d00a2b2e1a197ac1193ab721ca91e2.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аекономика аминистрра иаанацҳауеит х-хырхарҭак рыла абизнеси аинвестициатә проектқәеи рыдгыларазы азыҳәақәа шрыдыркыло. Аусбарҭа аусшәҟәқәа аднакылоит: ▫️анаплак маҷи абжьаратә наплаки альготатә кредит рыҭаразы ԥхынҷкәын 1 аҟынӡа. Акредит азы азыԥҵәақәа 10% иреиҳамзар; ▫️аарыхратә хархәагақәеи атехникеи рзы асубсидиақәа рзы жьҭаара 2 рҟынӡа. Адгылара ашәагаа-ахәԥса аҟынтәи 80%, аха 1,6 млн мааҭ иреиҳамзар; ▫️аинвестициатә проектқәа ринфраструктурахь абиуџьеттә инвестициақәа рзы жьҭаара 9 рҟынӡа. Аԥаразоужьра апроект аинфраструктура ахәԥса аҟынтәи 50% рҟынӡа инаӡар алшоит. Алахәхаразы инарҭбаау алшарақәеи иахәҭоу аусшәҟәқәа рсиеи реилкаара ҟалоит Аекономика аминистрра аофициалтә саит аҿы иҟалоит.
Ԥшьышықәса зхыҵуаз Габриела Лахина лышьразы раԥхьатәи азыӡырҩра мҩаԥгахоит иахьа, аӡбаҩ Олесиа Ҭарԥҳа лхантәаҩрала, Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы. Аӡӷаб лан лаҳәшьа Кристина Лахина ахара лыдырҵоит гәҭакыла, гәымбылџьбарала, дыргәаҟны дылшьит ҳәа. Ацәгьоура ҟалеит 2026 шықәса мшаԥы 7 асааҭ 20:30 инаркны 21:10 рҟынӡа, Маҷара ақыҭан. Кристина Лахина арыжәтәи арҩашьыгатә маҭәашьарқәеи лыдкыланы дыҟан, лаҳәшьаԥҳа длыпҟеит лҳәатәы ахьхалымҵаз азы. Аӡӷаб хәыҷы ахәышәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит мшаԥы 8 асааҭ 03:12 рзы.
Ҭемыр Агрба аҳҭнықалақь ахадара апрофильтә усбарҭақәа рнапхгаҩцәеи иареи Аиааира Амши аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра амши разгәаҭара аҽырзыҟаҵара иалацәажәеит. ▪️Цәыббра 27, 30 рзы Ахьӡ-аԥша Апарк аҿы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит. ▪️Цәыббра 30 рзы апаради акциа "Ԥсра зқәым аполки" рлахәылацәеи Аидгылара амҩала ианысуеит.▪️Аспорттә, арра-патриоттә, арлахҿыхратә усмҩаԥгатәқәа рыпрограммақәа ирылагоит цәыббра 25 инаркны, ихыркәшахоит жьҭаара 5 рзы.▪️Цәыббра 25 рзы ауааԥсыра иҟарҵаз аҳәарала Аҳабла ҿыц аҿы аконцерт еиҿыркаауеит.
АК "Аԥсны" ахәмарыҩцәа хҩык Амедиалига Ахраҿа иреиӷьу абомбардирцәа рсиа ианылеит. Игнат Дмитриев, Мараҭ Агрба, Ҭемыр Агрба — Ахраҿа 4 атур ашьҭахь иреиӷьу абомбардирцәа хәҩык рхыԥхьаӡара иаҵанакит. Дмитриев иара убасгьы иреиӷьу ассистентцәа 5-ҩык дрылашәеит.
Аԥсны Аекономика аминистрра иаанацҳауеит х-хырхарҭак рыла абизнеси аинвестициатә проектқәеи рыдгыларазы азыҳәақәа шрыдыркыло. Аусбарҭа аусшәҟәқәа аднакылоит: ▫️анаплак маҷи абжьаратә наплаки альготатә кредит рыҭаразы ԥхынҷкәын 1 аҟынӡа. Акредит азы азыԥҵәақәа 10% иреиҳамзар; ▫️аарыхратә хархәагақәеи атехникеи рзы асубсидиақәа рзы жьҭаара 2 рҟынӡа. Адгылара ашәагаа-ахәԥса аҟынтәи 80%, аха 1,6 млн мааҭ иреиҳамзар; ▫️аинвестициатә проектқәа ринфраструктурахь абиуџьеттә инвестициақәа рзы жьҭаара 9 рҟынӡа. Аԥаразоужьра апроект аинфраструктура ахәԥса аҟынтәи 50% рҟынӡа инаӡар алшоит. Алахәхаразы инарҭбаау алшарақәеи иахәҭоу аусшәҟәқәа рсиеи реилкаара ҟалоит Аекономика аминистрра аофициалтә саит аҿы иҟалоит.Ԥшьышықәса зхыҵуаз Габриела Лахина лышьразы раԥхьатәи азыӡырҩра мҩаԥгахоит иахьа, аӡбаҩ Олесиа Ҭарԥҳа лхантәаҩрала, Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы. Аӡӷаб лан лаҳәшьа Кристина Лахина ахара лыдырҵоит гәҭакыла, гәымбылџьбарала, дыргәаҟны дылшьит ҳәа. Ацәгьоура ҟалеит 2026 шықәса мшаԥы 7 асааҭ 20:30 инаркны 21:10 рҟынӡа, Маҷара ақыҭан. Кристина Лахина арыжәтәи арҩашьыгатә маҭәашьарқәеи лыдкыланы дыҟан, лаҳәшьаԥҳа длыпҟеит лҳәатәы ахьхалымҵаз азы. Аӡӷаб хәыҷы ахәышәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит мшаԥы 8 асааҭ 03:12 рзы. Ҭемыр Агрба аҳҭнықалақь ахадара апрофильтә усбарҭақәа рнапхгаҩцәеи иареи Аиааира Амши аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра амши разгәаҭара аҽырзыҟаҵара иалацәажәеит. ▪️Цәыббра 27, 30 рзы Ахьӡ-аԥша Апарк аҿы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит. ▪️Цәыббра 30 рзы апаради акциа "Ԥсра зқәым аполки" рлахәылацәеи Аидгылара амҩала ианысуеит.▪️Аспорттә, арра-патриоттә, арлахҿыхратә усмҩаԥгатәқәа рыпрограммақәа ирылагоит цәыббра 25 инаркны, ихыркәшахоит жьҭаара 5 рзы.▪️Цәыббра 25 рзы ауааԥсыра иҟарҵаз аҳәарала Аҳабла ҿыц аҿы аконцерт еиҿыркаауеит.АК "Аԥсны" ахәмарыҩцәа хҩык Амедиалига Ахраҿа иреиӷьу абомбардирцәа рсиа ианылеит. Игнат Дмитриев, Мараҭ Агрба, Ҭемыр Агрба — Ахраҿа 4 атур ашьҭахь иреиӷьу абомбардирцәа хәҩык рхыԥхьаӡара иаҵанакит. Дмитриев иара убасгьы иреиӷьу ассистентцәа 5-ҩык дрылашәеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/16/1065862990_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_109e766db938be805b0fbe91281b9b10.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио