АҩАР Аҟәа инхо аԥҳәыс қәымчрыла лызныҟәара инамаданы агәаҭарақәа мҩаԥнагоит
22:09 22.09.2026 (ирҿыцуп: 23:04 22.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 22 — Sputnik. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҟәа инхо аԥҳәыс лыпҟара инамаданы агәаҭарақәа мҩаԥнагоит.
Ҩыџьа ахацәа аԥҳәыс хаҳәла ааха лырҭеит ҳәа агәаанагара ыҟоуп. Уи ҟалеит цәыббра 20 асааҭ 21:00 рзеиԥш Аҟәа Кәыдрытәи амҩаду ала.
Аҭыԥ ахь инеиз амилициа аусзуҩцәа иааныркылеит аамҭала ареспубликаҿы инхо — 2000 шықәса рзы ииз Архангельсктәи аобласт Городишьенскаиа ақыҭа ауаҩԥсы Сергеи Бессонови 1998 шықәса рзы ииз Набережные Челны ашәҟәы иҭагалоу Иури Чудини.
Дара анаркотикқәеи апсихотроптә маҭәашьарқәеи рхархәара афакт ашьақәыргыларазы агәаҭара мап ацәыркит.
Ааха зауз амедицинатә цхыраара лыҭоуп: иарку ахбаҩлашатә ааха, армарахьтәи лыбла ашьаҟәаҟәа ҭоуп.
Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбарала Чудини Бессонови жәохәымш аҭакра рықәнаҵеит.