Аҟәа ахақәиҭтәра Амш иазку атеатртә қәыргыламҭа мҩаԥысуеит Аҳәынҭқарратә филармониаҿы
13:06 27.09.2026 (ирҿыцуп: 14:12 27.09.2026)

© Foto / Пресс-служба президента Абхазии
Анапаҵаҩра
33 шықәса раԥхьаҵәҟьа, 1993 шықәса цәыббра 27 рзы аԥсуа ар Аҟәа ахы иақәиҭыртәит, хымш рышьҭахь Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы аиааира ргеит.
АҞӘА, цәыббра 27 — Sputnik. Аҟәа ахақәиҭтәра Амш иазку атеатртә қәыргыламҭа мҩаԥысуеит Ражден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы.
Аусмҩаԥгатә иаҭааит аветеранцәа, Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рҭаацәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз, Аԥсны ахада Бадра Гәынба, уи иԥшәмаԥҳәыс Ирма Ҳашыгԥа, хада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков, Аиҳабыра алахәылацәа, Апарламент адепутатцәа.

Аиԥылара ааиртит Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба. Иара Аԥсны аҭоурых аҿы иахьатәи арыцхә иааннакыло аҭыԥ азгәаиҭеит, еизаз зегьы ирыдиныҳәалеит аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра амш.
"Ҳашьцәа иаадрыԥшыз зеиԥш ыҟам агәымшәареи, ахамеигӡареи, афырхаҵареи иабзоураны иахьа аныҳәа ҳаԥылоит. Рҿаԥхьа ҳхырхәоит ҳаԥсадгьыл зыԥсы ахҭнызҵаз афырхацәа", — иҳәеит Ҭемыр Агрба.
Ари амш аҽны 33 шықәса раԥхьа ҳаҳҭнықалақь Аҟәа даара ауадаҩра иҭагылан, усҟантәи ахҭысқәа ргәалашәара зцәыуадаҩым аветеран дыҟаӡам ҳәа Аҟәа ахақәиҭтәра Амш иазку атеатртә қәыргыламҭа аартраҿы иазгәалҭеит, Аибашьратә фырхаҵара амузеи аиҳабы Мзиа Беиа.
"Анцәа иҳаҭәеишьеит ари амш аԥылара. Арҭ амшқәа рзы лымкаала исцәыуадаҩуп аибашьра алацәажәара, избанзар ацәыӡ ду ҳамоуп аԥсуа жәлар", — лҳәеит лара.