Амҵәышәмпыл Жәларбжьаратәи афестиваль 3х3 аатит Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы
16:05 27.09.2026 (ирҿыцуп: 16:57 27.09.2026)

© Sputnik / Sputnik
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 27 — Sputnik. Сергеи Багаԥшь игәалашәара иазку амҵәышәмпыл Жәларбжьаратәи афестиваль 3х3 аатит Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы.
Аицлабрақәа рхы аладырхәит Аԥсни Урыстәыла арегионқәеи рҟынтәи акомандақәа. Ихадоу хҭысуп Аԥсны аҩбатәи ахада игәалашәара иазку Ахраҿа агаразы атурнир.
Уи инаваргыланы имҩаԥгахоит ақәыԥшцәеи аҳәсеи ркомандақәа рыбжьара аицлабрақәа — аиааиразы иқәԥоит Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи аа-командак.
Аусмҩаԥгатә аартра иаҭааит Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делба, Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба, Аҟәа ахада Ҭемыр Агрба, Гәылрыԥшь араион ахада Саид Ҳаразиа, аконцерн "Росэнергоатом" ҳаамҭазтәи аспорттә технологиақәа Рцентр адиректор Владислав Воронин, Сергеи Багаԥшь иԥа Зураб Багаԥшь.
Афестиваль мҩаԥысуеит "Росатоми" аконцерн "Росэнергоатоми" рыцхыраарала Аԥсны аиҳабыреи, Аҟәа ахадареи, Аконцерн "Росэнергоатоми", Аԥсны амҵәышәмпыл Афедерациеи ҳаамҭазтәи аспорттә технологиақәа Рцентр алархәны.