Аԥсны аԥсшьара иааз лышьра аус аадрыԥшит Гагра араион аҿы
19:51 27.09.2026 (ирҿыцуп: 20:10 27.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 27 — Sputnik. Аԥсны аԥсшьара иааз лышьра аус аадрыԥшит Гагра араион аҿы ҳәа аанацҳауеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра.
Хаха-хымш зыхабар ыҟамыз, 26 шықәса зхыҵуа урыстәылауаҩ Амина Бикбова дыӡит ҳәа рҳәеит лыуацәа.
Азинхьчацәа ишьақәдыргылеит аԥҳәызба дзыҿцәажәоз. Агәҩара изцәырнагеит аамҭала Гагра инхо, 25 шықәса зхыҵуаз Едгар Абыхәба, уи дицны Бикбова цәыббра 23 рзы таксила идырмыз ахырхарҭала ицеит.
Абыхәба иҿахәы аниҿырхуаз ауаҩшьразы иҿы иқәшаҳаҭхеит.
Иара иҳәеит, Ԥсахара қьыралатәи анхарҭаҿы Амина Бикбовеи иареи аимак шрыбжьалаз, уи инахыкны дшихәаҽыз атәы. Уи ашьҭахь ашьҭақәа иҵәахырц даҿын — иидыруаз амашьына имихит, аԥсыбаҩ Бзыԥтәи аиҩхаахь иганы аӡы иаиҭарц азы.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы ишазгәарҭаз ала, Абыхәба игәы иҭеикыз имч ақәымхеит, ақәыршә илаҳәаз аԥсыбаҩ амҩа азааигәара ачықьқәа рҿы иаанижьит. Амина Бикбова лтелефони лымаҭәақәеи Едгар Абыхәба икаижьит.
Аусҭҵаара иацҵахоит.