9,9 нызқь цыра инареиҳаны афымцамчԥхьаӡагақәа ықәыргылоуп Гагра араион аҿы
12:53 28.09.2026 (ирҿыцуп: 13:52 28.09.2026)

© Sputnik / Игорь Зарембо
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 28 — Sputnik. 9,9 нызқь цыра инареиҳаны афымцамчԥхьаӡагақәа ықәыргылоуп Гагра араион аҿы.
Афымцаҳақәа реиҭарҿыцра иацҵахоит, абри атәы иҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Амԥар.
Афымцамчԥхьаӡагақәа ықәыргылоуп:
▪ 6 846 — аҩнеихагылақәа рҿы;
▪ 310 —-ахатәҩнқәа рҿы.
Уи адагьы иԥсахуп 21,5 км рҟынӡа афымцацәаҳәақәа.
Ацәаҳәақәа реиҭарҿыцра — ақәыӷәӷәарақәеи аҿыхрақәеи рхыԥхьаӡара аларҟәреи, аԥхьаӡагақәа рышьақәыргылара — афымцамч ахархәаразы аԥареизгареи ирыцхраауеит.
Зынӡа ареспубликаҿы ишьақәыргылоуп 26,3 цыра инареиҳаны афымцамчԥхьаӡагақәа, уи иазгәаҭоу амҽхак аҟынтәи — 44% роуп. Ашықәс нҵәаанӡа 60 нызқь рышьақәыргылара азгәаҭоуп.
Аҳәынҭқарратә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны ашьақәыргылара ауааԥсыра рзы хәыда-ԥсада имҩаԥысуеит.