Гәымсҭа иаартын Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз аибашьцәа рмемориал
14:17 28.09.2026 (ирҿыцуп: 14:36 28.09.2026)

© Sputnik Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 28 — Sputnik. Аиааира амш аламҭалазы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз аибашьцәа рмемориал еиҭашьақәыргыланы иаартын Гәымсҭа аӡиас хыхьтәи ацҳа азааигәара.
Абаҟа аибашьра ашықәсқәа раан аҭыԥантәи ауааԥсыра рымчала жәлар рмемориал аҳасабала абаҟа аргылара иалагахьан. Уажәы архитектуратә ҟазшьа аҭоуп. Иҭахаз афырхацәа рҭаацәа иҟарҵаз аҳәарала аҭӡы афотосахьақәа ԥшьба ацырҵеит, абаҟа иаваршәны гималаитәи аԥса ҵлақәа еиҭарҳаит.
Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥган аицлабра "Аԥсны арҿиаҩцәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны. Апроект нагӡан — асоциалтә технологиақәа Рцентр "Гарант", Урыстәыла ахада игрантқәа рфонд афинанстә цхыраарала.
Аҟәа араион анапхгара ахаҭарнакцәа, ауаажәларра, аибашьра аветеранцәа, иара убас аицлабратә программа аиҿкааҩцәа абаҟа аадыртит иахьа.