Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарраҿы 2027 шықәсазы амзаҵлақәа рааӡарҭа аадыртраны иҟоуп
15:09 28.09.2026 (ирҿыцуп: 17:29 28.09.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 28 — Sputnik. Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарраҿы 2027 шықәсазы амзаҵлақәа рааӡарҭа аадыртраны иҟоуп.
Аҵиаақәа рыжәлақәа аадрыхуеит адәаҿы иқәыргылоу аконтеинер ҷыдақәа рҿы, избанзар арҭ аҵлақәа амра бзиа ирбоит ҳәа еиҭалҳәеит аҳәырԥсарра аиҳабы Сабина Лобода.
"Уаанӡа аҳәырԥсарра аусзуҩцәа абнатә культурақәа рааӡара рнапы рылакын – иҭацәыз аҭыԥқәа рхарҭәаареи абна аиҭашьақәыргылареи рзы, аха ари аус мҩаԥырымгеижьҭеи акрааҵуан. Уи ҳхыбра ааигәара иаарту адгьылҭыԥ аҿы еиҭахацҳаркыр ҳҭахуп", — лҳәеит Лобода.
Аҵакыра ахкаареи, анхамҩатә хәҭа аргылареи, ашьҭыхга кран ахархәарала аҵлақәа рҟынтәи амзарҟәылқәа реизгареи иааиуа ашықәс азы абиуџьет аҟынтәи иарбоуп — 1,5 млн мааҭ рҟынӡа.
Ргәы иҭоуп 5000 рҟынӡа жәла реиҭаҳара. Хышықәса анырхыҵлак аҵла ҿақәа аҳәырԥсарра еиуеиԥшым ахәҭақәа рҿы иҟоу абнацәаҳәақәа рҿы еиҭарҳауеит. Лобода лажәақәа рыла, аԥышәаратә вариант аҳасаб ала, лара лусуратә уадаҿы аҟәџьалқәа рҿы амзаҵла ажәла аалрыхуеит.