Аԥсны ахада Бадра Гәынба Гәдоуҭа Ақалақь-фырхаҵа амш амҩаԥгараҿы ацхыраара ҟазҵаз араион адепутатцәеи, анаплакҩцәеи, акоммерциатә еиҿкаарақәеи иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
Аԥсны ахада Бадра Гәынба Гәдоуҭа Ақалақь-фырхаҵа амш амҩаԥгараҿы ацхыраара ҟазҵаз араион адепутатцәеи, анаплакҩцәеи, акоммерциатә еиҿкаарақәеи иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
Сынтәа раԥхьаӡакәны аныҳәамш шьақәырӷәӷәан, уи анаҩс иазгәарҭеит цәыббра 7 рзы.
Аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара абиуџьет аҿы ишазгәаҭамызгьы, аҭыԥантәи анаплакҩцәа раԥшьгареи рыцхыраареи ирыбзоураны аныҳәамш ҳаракыла амҩаԥгара алыршахеит ҳәа азгәеиҭеит Гәынба.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит Гәдоуҭа — Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иааннакылоз аҭыԥ.
Ақалақь 13 мзы инарзынаԥшуа атәыла аҳҭнықалақьны иҟан уҳәар алшоит. Араҟа иҟан Владислав Арӡынба зхадараҿы дыҟаз Аԥсны анапхгара, ирыдыркылон ажәлари аҳәынҭқарреи рзы алахьынҵа змаз аӡбарақәа.
Гәдоуҭа араион анаплакҩцәа ацхыраара ҟарҵоит амшцәгьа иахҟьаны еилабгаз, араион аӷьырак ӡыла еиқәзыршәо аӡеизакырҭа аиҭашьақәыргылараҿы ҳәа иҳәеит Гәынба.