РУСДРАМ-и Новосибирсктәи атеатр "Глобуси" арҿиаратә усеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит Санкт-Петербург имҩаԥысуаз Еиду акультурақәа рфорум аҿы.
20:43 28.09.2026 (ирҿыцуп: 20:46 28.09.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
РУСДРАМ-и Новосибирсктәи атеатр "Глобуси" арҿиаратә усеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит Санкт-Петербург имҩаԥысуаз Еиду акультурақәа рфорум аҿы.
Атеатрқәа еиқәшаҳаҭхеит апроектқәа рынагӡараҿы аконсультациақәеи ацхыраареи ҟарҵаларц, аинформациа аимдара мҩаԥыргаларц, апрактикатә проектқәеи егьырҭ аусеицура хкқәеи ирылахәхарц.
Зыӡбахә ҳамоу аиҭныԥсахларатә гастрольқәа, аколлобарациақәа, афестивальқәа рылахәхара ауп.
"Искандер ихьӡ зху атеатр аҩызцәа рхыԥхьаӡара аҽарҭбаауеит, Сара сеигәырӷьоит, уажәшьҭарнахыс Новосибирсктәи атеатри ҳареи аимадарақәа рыҿиаразы ашьаҿа ахьыҟаҳҵаз. Атеатрқәа аусеицуразы рҽазышәара — ақәҿиара змоу, наҟ-ааҟтәи арҿиаратә проектқәа рынагӡара алдыршоит", — иҳәеит РУСДРАМ аиҳабы Иракли Хынҭәба.