Нижни Новгородынтәи аделегациа Аҟәаҟа иааит
11:54 29.09.2026 (ирҿыцуп: 13:04 29.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 29 — Sputnik. Нижни Новгородынтәи аделегациа Аҟәаҟа иааит.
Аҳҭнықалақь ахадараҿы Аҟәеи Нижни Новгороди рхадацәа Ҭемыр Агрбеи Иури Шалабаеви еиԥылеит.
2024 шықәсазы ақалақьқәа рнапы зҵарҩыз амҩатә хсаала аҳәаақәа иҭагӡаны инагӡахьоу апроект рацәоуп ҳәа азгәеиҭеит Агрба.
Иара иргәалаиршәеит А абла ҿыц аҿы иҟоу апарк аиҭашьақәыргылара, ақалақь аҿы иҟоу архитектуратә баҟақәа сахьаркырала рҵырлашаара, Владислав Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә ахьӡ-аԥша Амузеи аҿы аинтерактивтә ҵакыра раартра.
"Ари ҳара ҳзы даара аҵакы змоу проектуп. Аиааира амш аламҭалазы Аҟәа шәыҟазаарагьы, ҳара ҳзы иҳаҭыр дууп", — азгәеиҭеит иара.
Иури Шалабаев иҭабуп ҳәа реиҳәеит гәыблыла иахьрыдыркылаз азы, иҳәеит Нижни Новгород ақалақьтә ԥсҭазаара иазку аусхкқәа шамахамзар зегьы рҿы апроектқәа – аиҿкаара, арҵара, акультура, аспорт, атранспорт, аҵакырақәа рныҟәгара, атуризм, VR-технологиақәа, атехнологиа ҿыцқәа, амузеитә ус, асоциалтә наплакра шынанагӡо.
"Убри аҟнытә исҳәарц сҭахуп, ҳаизыҟазаашьақәа угәы иахәаратәы иҿиоит", — иҳәеит Шалабаев.