https://sputnik-abkhazia.info/20260930/1066026231.html
Гәынба: Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аҳәынҭқарра алахьынҵа шьақәнаргылеит
Гәынба: Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аҳәынҭқарра алахьынҵа шьақәнаргылеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, цәыббра 30 — Sputnik. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы аиааира ажәлари аҳәынҭқарреи рлахьынҵа шьақәнаргылеит, ареспублика аҭоурых адаҟьа ҿыц... 30.09.2026, Sputnik Аҧсны
2026-09-30T11:38+0300
2026-09-30T11:38+0300
2026-09-30T12:32+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
бадра гәынба
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/1e/1066026783_0:84:1093:699_1920x0_80_0_0_6a2f8f23bfaa6c0ba289aad55c57e4b5.jpg
АҞӘА, цәыббра 30 — Sputnik. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы аиааира ажәлари аҳәынҭқарреи рлахьынҵа шьақәнаргылеит, ареспублика аҭоурых адаҟьа ҿыц аанартит иҳәеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба.Иара иазгәаиҭеит 413 мшы ицоз аибашьра, аԥышәара хьанҭақәа шацыз, аха аԥсуа жәлар уи гәымшәарылеи фырхаҵаралеи ишырхыргаз.Аԥсны жәлар аиааиразы рыгәрагара рцәыӡуамызт ҳәа иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра ахада. Урҭ рус шиашоу, рыԥсадгьыл абзиабара, иззеибашьуа ӷәӷәала аилкаара рыцын иҳәеит Бадра Гәынба.Аԥсны Аиааира ашьҭахь ииасыз ашықәсқәа ирылагӡаны имариамыз амҩа ианысит ҳәа азгәеиҭеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба. Атәыла ҿиоит, аҳәынҭқарреи аекономикеи арӷәӷәоит, асуверенитет акәзар — Урыстәыла зхадараҿы иҟоу атәылақәа жәпакы ахьыԥшымра азхарҵеит ҳәа азгәеиҭеит иара. "Ҳара ҳҭакԥхықәра хада — ҳфырхацәа ззеибашьуаз, рхы зқәырҵаз аиқәырхароуп. Ҳара иаҳуалуп иӷәӷәоу, зых иақәиҭу, аҿиара змоу аҳәынҭқарра аргылара. Ҳбызшәа, ҳкультура, ҳатрадициақәа, ҳҭоурыхтә гәалашәара, ҳмилаҭтә хаҿра ахьеиқәхо аҳәынҭқарра", — иҳәеит ахада. Бадра Гәынба иажәақәа рыла, Аԥсны арбџьармчқәа арӷәӷәоит, реибашьратә лшара шьҭнахуеит, Урыстәылеи Аԥсни рырра-техникатә усеицурагьы ҿиоит. "Ҳара аибашьра ҳҭахӡам. Ҳара иаҳҭахуп ҳажәлар рзы аҭынчреи ажәҩан цқьеи. Аха ҳара ҳазхиазароуп ҳадгьыли, ҳхақәиҭреи, ҳхьыԥшымреи рыхьчара", —иажәа хыркәшо иҳәеит иара.
https://sputnik-abkhazia.info/20260930/1066025435.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/1e/1066026783_25:0:1068:782_1920x0_80_0_0_d4d5595a0209ca62e194a1e55969ed27.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, бадра гәынба
ажәабжьқәа, аԥсны, бадра гәынба
АҞӘА, цәыббра 30 — Sputnik. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы аиааира ажәлари аҳәынҭқарреи рлахьынҵа шьақәнаргылеит, ареспублика аҭоурых адаҟьа ҿыц аанартит иҳәеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба.
Иара иазгәаиҭеит 413 мшы ицоз аибашьра, аԥышәара хьанҭақәа шацыз, аха аԥсуа жәлар уи гәымшәарылеи фырхаҵаралеи ишырхыргаз.
"Ари аибашьра ҳажәлар рхатәы дгьыл аҿы анхара азин азы қәԥаран. Ари аиааира ахә акыр иҳаракуп. Уи иахҭынҵахеит зықьҩыла ҳаибашьцәа", — иҳәеит иара.
Аԥсны жәлар аиааиразы рыгәрагара рцәыӡуамызт ҳәа иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра ахада. Урҭ рус шиашоу, рыԥсадгьыл абзиабара, иззеибашьуа ӷәӷәала аилкаара рыцын иҳәеит Бадра Гәынба.
Аԥсны Аиааира ашьҭахь ииасыз ашықәсқәа ирылагӡаны имариамыз амҩа ианысит ҳәа азгәеиҭеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба.
Атәыла ҿиоит, аҳәынҭқарреи аекономикеи арӷәӷәоит, асуверенитет акәзар — Урыстәыла зхадараҿы иҟоу атәылақәа жәпакы ахьыԥшымра азхарҵеит ҳәа азгәеиҭеит иара.
"Ҳара ҳҭакԥхықәра хада — ҳфырхацәа ззеибашьуаз, рхы зқәырҵаз аиқәырхароуп. Ҳара иаҳуалуп иӷәӷәоу, зых иақәиҭу, аҿиара змоу аҳәынҭқарра аргылара. Ҳбызшәа, ҳкультура, ҳатрадициақәа, ҳҭоурыхтә гәалашәара, ҳмилаҭтә хаҿра ахьеиқәхо аҳәынҭқарра", — иҳәеит ахада.
Бадра Гәынба иажәақәа рыла, Аԥсны арбџьармчқәа арӷәӷәоит, реибашьратә лшара шьҭнахуеит, Урыстәылеи Аԥсни рырра-техникатә усеицурагьы ҿиоит. "Ҳара аибашьра ҳҭахӡам. Ҳара иаҳҭахуп ҳажәлар рзы аҭынчреи ажәҩан цқьеи. Аха ҳара ҳазхиазароуп ҳадгьыли, ҳхақәиҭреи, ҳхьыԥшымреи рыхьчара", —иажәа хыркәшо иҳәеит иара.