Џьгьарда Сергеи Багаԥшь ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
15:57 30.09.2026 (ирҿыцуп: 16:06 30.09.2026)
© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
Џьгьарда Сергеи Багаԥшь ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Уи рхы аладырхәит Аԥсны ахада Бадра Гәынба, ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, Башкортосҭан Аҳәынҭқарратә Еизара — Курултаи ахантәаҩы Андреи Назаров, иара убас Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа.
Сергеи Багаԥшь — Аԥсны аҩбатәи ахада. Иара ихаан ареспублика жәларбжьаратәи азхаҵара аиуит.