Марат Камболов Аахыҵ Уаԥстәыла ахадас дҟалеит
17:06 30.09.2026 (ирҿыцуп: 18:23 30.09.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхрақәа мҩаԥысит цәыббра 18 рзы. Марат Камболов 85% алхыҩцәа рыбжьқәа рыла аиааира игеит, ареспублика афбатәи ахадас дҟалеит.
АҞӘА, цәыббра 30 — Sputnik. Марат Камболов Аахыҵ Уаԥстәыла ахадас дҟалеит.
Аинаугурациа мҩаԥысит Цхинвал иҟоу Аҳәынҭқарратә драмтеатр аҿы. Уи иалахәын Аԥсны, Урыстәыла, Нхыҵ Уаԥстәыла, Чечентәыла, Ҟабарда-Балкариа, Даӷьсҭан, иара убас Венесуела, Никарагуа рҟынтәи аофициалтә сасцәа ҳәа аанацҳауеит @SputnikOssetia.
Аҳәынҭқарра ахада ҭоуба иуит ауаҩи атәылауаҩи рзинқәеи рхақәиҭрақәеи пату рықәҵареи рыхьчареи, Аконституциа ақәныҟәареи ахьчареи, ареспублика асуверенитети, ахьыԥшымреи, ашәарҭадареи, аҵакыратә акзаареи рыхьчара, иара убас ажәлар гәыкала рымаҵ аура дшазыхиоу азы.