Ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы наҟ-ааҟтәи аидгылареи азеиԥш қәԥареи Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи еиднаҳәалоит ҳәа азгәеиҭеит Владимир Делба.

Ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы наҟ-ааҟтәи аидгылареи азеиԥш қәԥареи Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи еиднаҳәалоит ҳәа азгәеиҭеит Владимир Делба.
Аԥыза-министр зхадараҿы дыҟоу Аԥснытәи аделегациа Марат Камболов иинаугурациа ацеремониа иаҭааит ҳәа адырра ҟанаҵоит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.
Делба Аахыҵ Уаԥстәыла ахада имаҵурахьы дахьнеиз идиныҳәалеит, аҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи рырҿиареи дшазхиоу азгәеиҭеит.
"Ҳажәларқәа аҳәынҭқарра ашьақәгыларазы имариамыз амҩа ианысит, еицхырааны рыдгьыл аҿы анхара, рмилаҭтә хаҿра, рбызшәа, ркультура реиқәырхара тазықәԥон", — ҳәа азгәеиҭеит аԥыза-министр.
Иара убасгьы Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар ирзеиӷьеишьеит аҭынчра, ашәҭыкакаҷра, аизҳазыӷьара.
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иинаугурациа мҩаԥысит цәыббра 30 рзы Цхьынвал.
Афото © Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла