https://sputnik-abkhazia.info/20261004/1066128561.html
Виачеслав Гладков Аԥсны ауааԥсыра ргәаартреи иҷыдоу аицәажәаратә культуреи азгәеиҭеит
Виачеслав Гладков Аԥсны ауааԥсыра ргәаартреи иҷыдоу аицәажәаратә культуреи азгәеиҭеит
Sputnik Аҧсны
Шәымш раԥхьа Виачеслав Гладков Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩыс дҟаҵан. Ареспубликаҿы адипломат иусура раԥхьатәи амзақәа изцәырыргаз агәалаҟара — Sputnik... 04.10.2026, Sputnik Аҧсны
2026-10-04T10:17+0300
2026-10-04T10:17+0300
2026-10-04T12:13+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/14/1065766187_0:100:1920:1180_1920x0_80_0_0_4cad1c0d00d2cbfe0c0c8e82c1416fdd.jpg
АҞӘА, жьҭаара 4 — Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков ареспублика ауааԥсыра ргәаартреи иҷыдоу аицәажәаратә культуреи азгәеиҭеит.Иара иажәақәа рыла, Аԥсны ауаа аимадара иазыхиоуп, аицәажәара иазыразуп."Даара исҭахуп иазԥхьагәаҳҭаз ҳгәазыҳәарақәа наҳагӡарц", — иҳәеит Гладков.Иара иазгәаиҭеит Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аинырра аҿиаразы адипломатиатә маҵзура алшарақәа иахьынӡауа рхархәара игәы ишҭоу, Урыстәылатәи Афедерациа аминистррақәеи арегионқәа рхадацәеи ирыбжьарҵаз аизыҟазаашьақәагьы уахь иналаҵаны.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/14/1065766187_107:0:1814:1280_1920x0_80_0_0_9e86fe94fd5dec33d6488488abb2644e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Виачеслав Гладков Аԥсны ауааԥсыра ргәаартреи иҷыдоу аицәажәаратә культуреи азгәеиҭеит
10:17 04.10.2026 (ирҿыцуп: 12:13 04.10.2026) Шәымш раԥхьа Виачеслав Гладков Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩыс дҟаҵан. Ареспубликаҿы адипломат иусура раԥхьатәи амзақәа изцәырыргаз агәалаҟара — Sputnik аинтервиу кьаҿ аҿы.
АҞӘА, жьҭаара 4 — Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков ареспублика ауааԥсыра ргәаартреи иҷыдоу аицәажәаратә культуреи азгәеиҭеит.
"Ауааԥсыра даара ргәы аартуп, рцәажәашьа — угәы иахәартә иҟоуп, аинтерес аҵоуп, ганрацәалатәиуп", — ҳәа азгәеиҭеит Гладков Sputnik амҩаԥгаҩ Наала Мықәԥҳа аинтервиу лыҭо.
Иара иажәақәа рыла, Аԥсны ауаа аимадара иазыхиоуп, аицәажәара иазыразуп.
"Даара исҭахуп иазԥхьагәаҳҭаз ҳгәазыҳәарақәа наҳагӡарц", — иҳәеит Гладков.
Иара иазгәаиҭеит Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аинырра аҿиаразы адипломатиатә маҵзура алшарақәа иахьынӡауа рхархәара игәы ишҭоу, Урыстәылатәи Афедерациа аминистррақәеи арегионқәа рхадацәеи ирыбжьарҵаз аизыҟазаашьақәагьы уахь иналаҵаны.