00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Арҵаҩцәа иазгәарҭоит рзанааҭтә ныҳәа: Елана Гәдалиеи Елҟан Аџьбеи реиҿцәажәара
13:34
2 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:08
13 мин
Актуальный комментарий
"Новые медиа Абхазии" запускают второй сезон
14:21
9 мин
Такие обстоятельства
Уроки трагедии: омбудсмен о реформе законодательства после убийства Амины Бикбовой
14:30
26 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
34 шықәса раԥхьа арҭ амшқәа рзы Гагра араион ахақәиҭтәразы ажәыларақәа цон. Жьҭаара 5 1992 шықәсазы аԥсуа десант "Аӡиас хьшәашәа" ҳәа иахьашьҭоу аҟны амшын аҟнытә иӡхыҵит. Аԥсны Афырхаҵа Геннади Ҷанба командаҟаҵаҩыс дызмаз аԥсуа еибашьцәа аӷа ихырӷәӷәарҭақәа цҟьо аҳәаахь инаскьон. Ақырҭуа еибашьцәа шаҵахоз анырба, рабџьари рџьаԥҳани кажьны, Гьечрыԥшь аган рхы рхы дырхеит. Гагра араион ахақәиҭтәра рхы ақәырҵеит 117-ҩык ҳтәыла аҵеицәа. Араион аӷа имацәаз иҭакын 48 мшы.
Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа арҵаҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдылныҳәалеит. "Иуадаҩуп еиҵагыло абиԥара рааӡараҿы, уи аԥсуа милаҭтә культуреи атрадициақәеи рылархәраҿы шәлагала ахә ашьара. Шәара шәҟәыӷареи шәҟазареи шьақәдыргылоит иахьатәи аҿар — аҭакԥхықәра ду зду Аԥсны Аҳәынҭқарра ԥхьаҟатәи шьаҟас иамоу", — ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы. Аминистр иазгәалҭеит арҵаҩы иџьабаа адунеи аҿы зегь реиҳа иуадаҩу, ҳаҭыр зқәу ишреиуоу, иҭабуп ҳәагьы ралҳәеит рџьабааи, рычҳареи, аус ҭакԥхықәрала разнеиреи рзы.
Ҭаҭарсҭан афинанстә цхыраарала Аҟәа аԥшаҳәа ахәҭак аиҭашьақәыргыларатә усурақәа назыгӡоз анардадаратә еиҿкаара ахаҭарнакцәа аҳҭнықалақь ахадараҿы аҳамҭақәа ранаршьеит. Аргылаҩцәа ҭабуп ҳәа рарҳәеит ламысла рџьабааи, инагӡоу аусурақәа рхаҭабзиара ҳараки, ишьақәыргылоу аҿҳәарақәа иахымгакәа рықәныҟәареи рзы. Аҟәа ахада ихаҭыԥуаҩцәа Автандил Сурманиӡеи Константин Ҭарбеи ражәақәа рыла, убри ауп акрызҵазкуа аинфраструктуратә проект қәҿиарала ахыркәшара зыбзоуроу.
"Аԥсны амедиа ҿыцқәа" аҩбатәи асезон хацдыркуеит. Жьҭаарамза 13 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥгахоит аинтенсив, актәи асезон аушьҭымҭацәа рԥылара, Дмитри Губерниов иабадырра, акультуратә программа. Аинтенсив ахь анеира рылшоит жьҭаара 9 рҟынӡа заанаҵтәи аҽҭаҩра иахысны. Аԥсны амедиа ҿыцқәа" актәи асезон хыркәшан сынтәатәи ааԥынразы. Уи рхы аладырхәит 50-ҩык ареспублика амедиаспециалистцәа. Алахәылацәа аус рыдырулеит Аԥсны акультуреи атрадициақәеи, атуризми аҭҵаарадырреи ирызку апроектқәа. 14 проект аресурстәи аексперттәи цхыраара роуит.
Ажәабжьқәа зегьы
0