Бадра Гәынба: Арҵаҩы иџьабаа ҳтәыла аԥеиԥш шьаҭас иамоуп
16:32 05.10.2026 (ирҿыцуп: 16:58 05.10.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Арҵаҩы имш азгәарҭоит Аԥсны жьҭаара 5 рзы. 2026 шықәса хәажәкырамзазы Апарламент официалла ари арыцхә шьақәнарӷәӷәеит арҵаҩцәа рсоциалтә статус ашьҭыхразы аофициалтә ныҳәатә усуратә мшны.
АҞӘА, жьҭаара 5 — Sputnik. Арҵаҩы иџьабаа ҳтәыла аԥеиԥш шьаҭас иамоуп, уи зегь раасҭа ихадоу занааҭны исԥхьаӡоит иҳәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы арҵаҩ имш азгәаҭара иазкыз аумсҩаԥгатә аҿы.
"Арҵаҩы изанааҭ ус баша усурам, уи иҳараку занааҭуп, ҭакԥхықәра дууп. Шәара шәҟәыӷареи, шәычҳареи, шәус гәык-ԥсык ала азыҟазаареи акыр ирхьыԥшуп ҳхәыҷқәа ирызҳауа", — ҳәа азгәеиҭеит атәыла ахада.
Аԥсны ахада аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранеишьеит ареспублика иналукааша арҵаҩцәа жәҩык. Урҭ "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз арҵаҩы" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵоуп.
Барцыц Зулета Акаки-иԥҳа — Д. Кобахьиа ихьӡ зху Гәдоуҭатәи ашкол №5
Бениа Белла Иасон-иԥҳа — М. Ҷоҷуа ихьӡ зху Аҟәатәи ашкол №11
Микаелиан Грач Ардаш-иԥа — А. Чехов ихьӡ зху Аҟәатәи ашкол №14
Кара-Осман-оӷлы Омер Ремзи-иԥа — М. Амчба ихьӡ зху Џьгьардатәи ашкол
Микаелиан Фарад Погос-иԥа — А. Чакриан ихьӡ зху Гәымсҭатәи ашкол
Шарматава Инга Виктор-иԥҳа — Х. Чамагәуа ихьӡ зху Гагратәи ашкол №1
Папба Елена Енвер-иԥҳа — В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Ешыратәи ашкол
Аршба Марина Калоди-иԥҳа — Аҟәа ақалақь ахадара аҵарадырра Аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ
Куткаиа Валиса Мирод-иԥҳа — Е. Ешба ихьӡ зху Аҟәатәи ашкол №5
