Астратегиатә сессиа алахәылацәа рыпроектқәа ӡырыргеит
17:47 05.10.2026 (ирҿыцуп: 18:29 05.10.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 5 — Sputnik. Астратегиатә сессиа алахәылацәа рыпроектқәа ӡырыргеит.
Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: Аԥсны акультура адырразы аинформациа-гәмырҿыӷьратә квест, ареспубликаҿы атехнологиатә гәыцә ашьақәыргыларазы аҭыԥ аԥҵара, Кавказ ареспубликақәа реицәажәара иазырхоу "Кавказтәи афорум" апроект.
Аԥсны аетнофестиваль амҩаԥгара аидеиа ахәшьара аиҭеит ареспубликаҿы иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков.
Адипломат иҳәеит, ари аҩыза афорум аҳәаанырцәтәи атәылақәа рхаҭарнакцәа ареспублика иаднаԥхьалоит, аԥсуа ҿар егьырҭ ажәларқәа ркультуреи ртрадициақәеи реилкаара алнаршоит ҳәа.
Гладков Аԥсны акультура беиа азгәеиҭеит, раԥхьаӡакәны жәлар ринструментқәа роркестр ақәгылара аниаҳа ицәырнагаз агәалаҟара атәы иҳәеит.

"Ас еиԥш иҟоу аусқәа асезонбжьара иҟаҵатәуп. Уажәы ареспублика аҿаԥхьа иқәгылоу дҵоуп иааиԥмырҟьаӡакәа аԥсшьацәа раара ҭышәынтәаланы аҟаҵара, асезонбжьара иҟауҵар, ихазынахоит", — иҳәеит иара.
"Аԥсуа ҿар ркарнавал" — афестиваль АЖәР алахәылацәа ридеиақәа ируакуп. Алахәылацәа ртрадициақәеи ркультуреи ахьӡырырго усмҩаԥгатәуп.
Астратегиатә сессиа аиҿкааҩ — Аԥсны иҟоу ИИА "Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль Адирекциа Ахаҭарнакра", Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилаки "Аԥсны ҿеи" алархәны.