00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Актуальный комментарий
14:04
9 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
Главные темы
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:51
9 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Арҵаҩы иџьабаа ҳтәыла аԥеиԥш шьаҭас иамоуп, уи зегь раасҭа ихадоу занааҭны исԥхьаӡоит иҳәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы арҵаҩ имш азгәаҭара иазкыз аумсҩаԥгатә аҿы. "Арҵаҩы изанааҭ ус баша усурам, уи иҳараку занааҭуп, ҭакԥхықәра дууп. Шәара шәҟәыӷареи, шәычҳареи, шәус гәык-ԥсык ала азыҟазаареи акыр ирхьыԥшуп ҳхәыҷқәа ирызҳауа", — ҳәа азгәеиҭеит атәыла ахада. Аԥсны ахада аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранеишьеит ареспублика иналукааша арҵаҩцәа жәҩык. Урҭ "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз арҵаҩы" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵоуп.
Аԥсуа ҿар рыпроектқәа адгылара рыҭахоит иҳәеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков. Астратегиатә сессиа "Иреиӷьу аагара. Жәларбжьаратәи аҿар рфестиваль — 2026 аԥышәа 2027 шықәсазтәи аусура апрограммахь" аҟны дықәгыло, адипломат иҳәеит Екатеринбург имҩаԥысуаз афестиваль аихшьаалақәа рыла аусмҩаԥгатә амҩаԥгара аидеиа шцәырҵыз Аԥснытәи аделегациа афорум ахь рцара аламҭалаз. "Сгәыӷуеит иахьа шәыпроектқәа ҳарзыӡырҩып, изызку ҳаҳап, ламысцқьала рылацәажәара ҳҽазаҳшәап ҳәа", — иҳәеит Гладков. Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиԥшым ахырхарҭақәа — аҳәынҭқарратә напхгараҭара, акреативтә индустриақәеи акультуреи, анаплакра, аграждантә активра, амедиа, адырреи атехнологиақәеи рыла аҿар раԥшьгарақәа рӡыргара мҩаԥгахоит.
Бадра Гәынба ММА азы акырынтә адунеи иачемпионхахьоу Фиодор Емельианенко диԥылеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.Атәыла ахада иазгәеиҭеит аспортсмен иаара Аԥсны ауаажәларра зегьы рзы мацара акәымкәа, аспортсменцәа қәыԥшцәа рзы аҵакы змоу хҭысны ишыҟалаз. "Шәыԥсҭазааратә мҩа зегьы иаҳнарбоит ауаҩы ихықәкы ықәиргылозар, иалихыз амҩа дацәхьамҵыр, иҽадцалара ааирԥшуазар, аспорт аҿы мацара акәымкәа, аԥсҭазаараҿгьы ақәҿиара дуқәа иоур шилшо", — иҳәеит аҳәынҭқарра ахада. Емельианенко еиҭеиҳәеит ареспубликаҿы иҟазаара аамҭа иалагӡаны аԥсуа спортсменцәеи аспорттә уаажәларра ахаҭарнакцәеи рыҿцәажәара дшахьӡаз.
Урыстәыла иаанашьҭыз ацхыраара ласы амашьына ҿыцқәа амедусҳәарҭақәа рахь еихыршеит ҳәа аанацҳаит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра. Амашьына ҿыцқәа рцаԥхақәа аҳақьым хадацәа рнапы иаиркит агәабзиарахьчара аминистр Асҭамыр Гәниа. Атранспорт нашьҭуп Аҟәа, Гәдоуҭа, Пицунда, Агәыӡера иҟоу ацхыраара ласы астанциақәеи Очамчыра араионтә хәышәтәырҭа хадахьи. Автопарк арҿыцра иалнаршоит ауааԥсыра ирццакны амедицинатә цхыраара рыҭара аоперативреи ахаҭабзиареи реизырҳара.
Ажәабжьқәа зегьы
0