Гагратәи араионтә ӡбарҭа Урыстәыла атәылауаҩ 15 шықәса зрежим ӷәӷәоу аҭакра иқәнаҵеит
18:13 05.10.2026 (ирҿыцуп: 18:30 05.10.2026)

© Sputnik / Евгений Биятов
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 5 — Sputnik. Гагратәи араионтә ӡбарҭа Урыстәыла атәылауаҩ Максим Осипов 15 шықәса зрежим ӷәӷәоу аҭакра иқәнаҵеит арҩашьыгатә маҭәашьарқәа заа еибыҳәаны, мҽхакы ҭбаала закәаншьаҭада реикәыршаразы ҳәа аанацҳаит Апрокуратура хада.
Осипов дааныркылеит хәажәкыра 14 рзы "Приморск" аҳәынҭавтоинспекциа аҿы. Имашьынаҿы ирыԥшааит аметадони амефедрони. Даҽа 350 грамм инареиҳаны анаркотикқәа рыԥшааит Гагра иҩны, 5,5 грамм инареиҳаны аметадон — Аацы ақыҭан аҵәахырҭақәа рҿы.
Аӡбарҭа излашьақәнаргылаз ала, Осипов ахьӡҷыда "Ares" ала ишьақәыргылам ахаҿи иареи еибыҳәаны аус иуан, игәы иҭан Аԥсны аҵакыраҿы анаркотикқәа агәылаҵақәа рыла рыларҵәара.
Осипов арбаандаҩра адагьы 600 нызқь мааҭ ахараԥса иқәҵоуп.
Ашьауӷақәҵара азакәанмчра аиуаанӡа ахашшаара алшара ыҟоуп.