00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
2 мин
On air
08:00
31 мин
On air
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аԥсны аҳәынҭдемографиатә шәарҭадаразы" азакәан апроект азырхиаразы аусуратә гәыԥ аԥҵахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукНародное Собрание Абхазии
Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.10.2026
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 6 — Sputnik. Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра ажәалагала ҟанаҵеит "Аԥсны аҳәынҭқарра адемографиатә шәарҭадаразы" азакәан апроект азырхиаразы аусуратә гәыԥ аԥҵазарц.
Ари аӡбамҭа атәы иҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ Олег Оҭырба апарламенттә еилакы аилатәараҿы.
Иара иазгәеиҭеит атәыла ахада инапынҵала, аминистрра агәабзиарахьчаразы азакәан ҿыц аус шаднауло, избанзар аус зуа, 2016 шықәсазтәи азакәан иахьатәи аамҭа иақәшәом.
Аусшәҟә ҿыц адемографиатә шәарҭадаразы азакәан анормақәеи иареи ахьеишьашәало рацәаӡоуп, убри азы аусуратә гәыԥ аԥҵара хымԥадатәиуп ҳәа иԥхьаӡоит Оҭырба.
Адемографиатә шәарҭадара азҵаара аҽазыҟаҵаразы астатистика цқьа аҭахуп ҳәа азгәеиҭеит адепутат Леонид Лакербаиа.
"Астатистика зехьынџьара иҟазароуп. Араҟа амаҷ-саҷ ыҟаӡам, избанзар, иалшоит ара (азакәан апроект "Адемографиатә шәарҭадаразы" аҿы-аред.) иазгәаҭам ахырхарҭақәа цәырҵыр", — иҳәеит иара.
Лакербаиа иажәақәа рыла, зыӡбахә ҳәоу — атәылаҿы аиреи аԥсреи рҭагылазаашьа мацара акәымкәа, акомплекстә знеишьа аҭахуп.
"Иахьа иҳамоу ашьаҭала ҳалагароуп. Аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа ирылагӡаны зныкгьы уи аҩыза аус ҟаҳамҵацызт. Иаҭахуп — Аԥсны Аҳәынҭқарра ауааԥсыра шьақәзыргыло инарҭбаау асиа", — иҳәеит иара.
Ажәабжьқәа зегьы
0