Жәларбжьаратәи атеатртә фестиваль "Аҳҭнықалақьқәа хԥа" мҩаԥгахоит Аԥсуа драматә театр аҿы
17:25 06.10.2026 (ирҿыцуп: 17:29 06.10.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 6 — Sputnik. Жәларбжьаратәи атеатртә фестиваль "Аҳҭнықалақьқза хԥа" мҩаԥгахоит Аԥсуа драматә театр аҿы жьҭаара 19, 20 рзы.
Аҟәа ақалақь аҿы х-республикак — Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Нхыҵ Уаԥстәылеи рҟынтәи аколлективқәа Булгаков иҩымҭақәа рсценатә интерпретациақәа ахәаԥшцәа иддырбоит:
▪Аԥсуа театр ицәырнагоит амоноспектакль "Китаитәи аҭоурых" — Мадина Аргәынԥҳа лықәыргыламҭала, жьҭаара 19 асааҭ 19:00 рзы.;
▪Аахыҵ Уаԥстәылатәи атеатр — "Ала агәы", арежиссиор Георги Валиев иқәыргыламҭала, жьҭаара 20 асааҭ 17:00 рзы;
▪Нхыҵ Уаԥстәылатәи акамертә театр ШКиТ – аспектакль "Атеатртә роман", Андреи Кокоев иқәиргыламҭала, жьҭаара 20 асааҭ 19:00 рзы.
Адраматә театр афоие аҿгьы имҩаԥгахоит атеатртә сахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа.
Афестиваль азкуп Урыстәыла атеатртә усзуҩцәа реидгыла 150 шықәса ахыҵреи Михаил Булгаков диижьҭеи 135 шықәса аҵреи. Иара мҩаԥгахоит ақалақьқәа хԥа – Аҟәа, Цхьынвал, Владикавказ рҿы — жьҭаара 19-27 ирҭагӡаны.