Аицлабра "Аԥсны акоманда" аҩбатәи асезон афинал мҩаԥгахоит ацентр "Ҳара ҳаицуп" аҟны
18:01 06.10.2026 (ирҿыцуп: 18:59 06.10.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 6 — Sputnik. Аицлабра "Аԥсны акоманда" аҩбатәи асезон афинал мҩаԥгахоит урыстәылатәи ауаажәларратә центр "Ҳара ҳаицуп" аҟны.
Аусмҩаԥгатә иалахәуп Аԥсны ахада Бадра Гәынба, аплатформа "Урыстәыла — алшарақәа ртәыла" адиректор хада Андреи Бетин, аиҳабыра алахәылацәа.
Гәынба иажәақәа рыла, актәи асезон алҵшәақәа иаадырԥшит абиԥара ҿа рыбжьара акадртә лшарақәа шаҟа идуу.
"Иҳаҩсыз ашықәс азы "Аԥсны акоманда" алахәылацәеи аушьҭымҭацәеи инарыгӡеит 60 рҟынӡа еиуеиԥшым апроектқәа, аԥшьгарақәа. Урҭ рыбжьара аҭыԥ ду ааныркылоит иалкаау апроблемақәа рыӡбара иазырхоу асоциалтә проектқәа", — иҳәеит Гәынба.
Хымш рыҩнуҵҟа афиналистцәа ирзыԥшуп ахәшьаратә усмҩаԥгатәқәа, хаҭалатәи аиԥыларақәа, ассесментқәа, аиҿцәажәарақәа. Дара аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи, абизнеси, ауаажәларратә сектори рхаҭарнакцәа апанельтә еицәажәарақәа ирылахәхоит.
Актәи амш азы имҩаԥгахоит — афинал аартреи аӡыргаратә авидеонҵамҭа дырбареи.
Апрограммаҿы — актәи асезон аҿы аиааира згаз рықәҿиареи урҭ рылшарақәеи ирызку "Аԥсны акадртә лшарақәа ахаҿқәа рҿы" астол гьежь.
"Аицлабра "Аԥсны акоманда " еиҿкаауп ИЕА "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" ацхыраарала. Аицлабра аҩбатәи асезон хацдыркит сынтәа. Иара алахәхаразы инашьҭын 3 384 зыҳәа.