00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Актуальный комментарий
14:04
9 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
Главные темы
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:51
9 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Актуальный комментарий
21:51
9 мин
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
2 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Бадра Гәынба аԥсуа жәлар Гагра араион ахақәиҭтәра 34 шықәса ахыҵра рыдныҳәалеит. «Ари амш аҽны ҳаҭыр дула иаҳгәалаҳаршәоит Гагреи Гагра араиони рхақәиҭтәразы еибашьуаз зегьы. Даҳгәалаҳаршәоит знапхгарала Аԥсны жәлар Аиааира ду агара рылзыршаз Аԥсны жәлар рԥыза Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынба иҳәеит Гәынба."Иахьа Гагра — ҳтәыла мраҭашәаратәи агәашәқәа ҳәа иԥхьаӡоуп, Аԥсны еицырдыруа ақалақь ԥшӡақәа ируакуп. Агәра ҳгоит, ақалақь арҿиареи уи иқәынхо ауааԥсыра рзы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа рзаԥҵареи Гагра ахақәиҭра азаазгаз рыхьӡ акамыршәразы лагаламҭа дуны ишыҟало", — иҳәеит иара.
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра ажәалагала ҟанаҵеит "Аԥсны аҳәынҭқарра адемографиатә шәарҭадаразы" азакәан апроект азырхиаразы аусуратә гәыԥ аԥҵазарц.Ари аӡбамҭа атәы иҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ Олег Оҭырба апарламенттә еилакы аилатәараҿы. Иара иазгәеиҭеит атәыла ахада инапынҵала, аминистрра агәабзиарахьчаразы азакәан ҿыц аус шаднауло, избанзар аус зуа, 2016 шықәсазтәи азакәан иахьатәи аамҭа иақәшәом.Аусшәҟә ҿыц адемографиатә шәарҭадаразы азакәан анормақәеи иареи ахьеишьашәало рацәаӡоуп, убри азы аусуратә гәыԥ аԥҵара хымԥадатәиуп ҳәа иԥхьаӡоит Оҭырба.
Аԥсны аҵыхәтәантәи ҩышықәса рыҩныҵҟа ауааԥсыра ԥсабарала реизҳара шыҟоу убоит лҳәеит астатистиказы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Леила Каҷарааԥҳа, Жәлар Реизара аилак аилатәараҿы.Убри аан, иҟоу адыррақәеи аҭагылазаашьеи зынӡа еиԥшым.Иаҳҳәап, 2025 шықәсазы атәылаҿы иазгәаҭоуп 1230-ҩык аԥсыҭбарақәа, аха уи иҟаҵәҟьоу асахьа аанарԥшӡом, избанзар, ақыҭауаа аӡәырҩы рҭынхацәа рыԥсра ашәҟәы иҭаргалаӡом ҳәа азгәалҭеит лара.
"Аԥсны амедиа ҿыцқәа" аҩбатәи асезон хацыркхоит — иалахәылахар зҭаху рҟынтәи аҳәарақәа ахьырацәоу азы, абри атәы арадио Sputnik аҿы илҳәеит апроект ашьаҭаркҩы Иулиа Аблец.Апрограммаҿы ҳақәдыргәыӷуеит атема ҿыцқәа, аспикерцәа, зыхьӡ макьаназ имаӡоу, ианеиҵаха ҟаза ҿыцк, рыҟалара.Жьҭаара 13 рзы Аҟәа имҩаԥгахоит аҩбатәи асезон ахацыркра иазку аинтенсив.
Барнаулнтәи Аҟәаҟа раԥхьатәи ишиашоу иаауа аҳаирплан аԥырразы еиқәдыршәеит аҳазалхыҩцәа.Ишиашоу аҳаиреимадара аатит жьҭаара 2 рзы. Ареисқәа есымчыбжьа, хәашала имҩаԥгахалоит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АфҲЕ апресс-маҵзура. Барнаул аҳаирбаӷәаза аҳазалхыҩцәа 258-ҩык апассаџьырцәа – аҟәантәи иаази уахь амҩа иқәлази рҟынтәи 1,5 нызқь кьыла аидарақәеи анапылеидареи хылаԥшра рырҭеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0