Гагра ахақәиҭтәра амш аҳаҭыраз Аиааира ашҭаҿы асцена ҿыц аҟны аконцерт мҩаԥган, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит ахадара акультура аҟәша аиҳабы Мадина Бганԥҳа.
Гагра ахақәиҭтәра амш аҳаҭыраз Аиааира ашҭаҿы асцена ҿыц аҟны аконцерт мҩаԥган, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит ахадара акультура аҟәша аиҳабы Мадина Бганԥҳа.
Иахьа Гагра иазгәарҭеит ақырҭуа ар рҟынтәи ахақәиҭтәра амш. Ашьыжь Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынбеи иҭахаз атәыла ахьчаҩцәеи рмемориал аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит. Аныҳәамш хыркәшан асалиут ала.
"Рыцҳарас иҟалаз, ҳраион аҿы аконцерттә зал ду ыҟаӡам. Ҳара иҳамоуп акультура аҩны, уи 300-ҩык рҟынӡа роуп иакуа. Асцена даара ихәыҷуп, ҳколлективқәагьы уа иакӡом", — ҳәа азгәалҭеит Бганԥҳа.
Аусмҩаԥгатәқәа адәахьы рымҩаԥгараан асцена ҿыц ахыбра артистцәеи амаругақәеи ахьчоит.
Асцена ҿаҵан Нижни Новгород. Ахәԥса— 5,4 млн мааҭ, аԥаразоужьра — араионтә биуџьет. Еизгоу-еимырхуа аихатә ргылара 10x10 метра иҟоуп.