Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак аилатәара мҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизараҟны
13:50 07.10.2026 (ирҿыцуп: 16:15 07.10.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 7 — Sputnik. Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак аилатәара мҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизараҟны.
Амшхәаԥштә аҿы иқәгылан Иреиҳаӡоу, Абжьаҟазаратә, Галтәи аӡбарҭақәа рыӡбаҩцәа ралхра азҵаара.
Аилак алахәылацәа еицҿакны абжьгара ҟарҵеит:
▫Белла Хасаиаԥҳаи Маиа Кәыҵниаԥҳаи — Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩцәас,
▫Алиса Чамагәуаԥҳа, Игор Зарандиа, Саида Гәлиаԥҳа — Абжьаҟазаратә ӡбарҭа аӡбаҩцәас,
▫Кама Лашәриаԥҳа — Гал араионтә ӡбарҭа аӡбаҩыс ралхразы.
Аҵыхәтәантәи аӡбамҭа адепутатцәа ирыдыркылоит Апарламент асессиа аилатәараан.