Аԥсны атәанчахәытә еиқәыршәаразы азакәан апроект иалацәажәеит Аминистрцәа Реилазаараҿы
15:45 07.10.2026 (ирҿыцуп: 16:16 07.10.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 7 — Sputnik. Аҳәынҭқарратә тәанчахәытә еиқәыршәаразы азакәан апроект иалацәажәеит Аминистрцәа Реилазаараҿы ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Атәанчахәытә шәарақәа рышәагаа атәылауаҩ иџьашықәси иԥгаԥсатә лагалеи ирыдҳәалазарц ажәалагала ҟаҵоуп.
Аусшәҟәы иазгәанаҭоит атәанчахәытә еиқәыршәара ахкы хадақәа рҭышәныртәалара – аџьатә, аԥгаԥсатә, аизактә, иара убас аԥсадгьыл аҿаԥхьа алшамҭа ҷыдақәа рзы атәанчахәқәа налаҵаны.
"Ииашоу аихшареи ииашоу атәанчахәы ашәагааи иарбан ҳәынҭқарразаалак, иарбан ҳәынҭқарратә напхгаҩызаалак дҵас ирымоуп", — иҳәеит аԥыза- министр Владимир Делба.
Аизгақәа рҭагылазаашьазы аинформациа аиура алшоит иаку апортал ҿыц ала.
Аилацәажәара аихшьаалақәа рыла, аԥыза-министр анапынҵақәа ҟаиҵеит, урҭ инарықәыршәаны мчыбжьык иалагӡаны аинформациа рҿыцхоит, апроект анагӡаразы азнеишьақәа азырхиахоит.