Аԥсны Арбџьармчқәа рартиллериатә ҟәшақәа аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит
18:19 07.10.2026 (ирҿыцуп: 21:25 07.10.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 7 — Sputnik. Аԥсны Арбџьармчқәа рартиллериатә ҟәшақәа аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Аусмҩаԥгатәқәа ахықәкы — архәҭақәа реиқәшәара аизырҳара, аррамаҵзурауаа адәынтәи рҵара аиӷьтәра, артиллериа аибашьратә ҭагылазаашьа иазааигәоу аҭагылазаашьаҿы ауснагӡатәқәа рынагӡара ишазыхиоу агәаҭара.
Хаҭалатәи аилазаара рыдҵақәа рахь иаҵанакуеит иҷыдоу аҽазыҟаҵареи, атехникеи абџьари аныҟәаратә ҭагылазаашьаҟынтәи аибашьратә ҭагылазаашьахь риагареи, иара убас ахымцатә позициақәа разыҟаҵареи рыҵәахреи рзы анормативқәа рынагӡара.
Ахымца оперативла анапхгараҭареи, ажәыларақәа рырҽеиреи, аоперативтә ҭагылазаашьа аан аиҭақәкреи рзы ауснагӡатәқәа аус рыдырулоит анапхгараҭаратә взводқәеи ахымцатә взводқәеи ркомандирцәа.
Ҷыдала хшыҩзышьҭра рыҭоуп апрактикатә ԥышәа зауа аспециалистцәа ҿарацәеи аррамаҵзурауааи.
Аҽазыҟаҵарақәа активлатәи рфаза хыркәшахоит аибашьратә хысрақәа рымҩаԥгарала.