Владимир Занҭариеи Анатоли Лагәлааи ргәалашәара ахәылԥаз мҩаԥгахоит жьҭаара 13 рзы
12:52 08.10.2026 (ирҿыцуп: 13:14 08.10.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 8 — Sputnik. Владимир Занҭариеи Анатоли Лагәлааи ргәалашәара ахәылԥаз мҩаԥгахоит жьҭаара 13 рзы ҳәа аанацҳаит Акультура аминистрра.
Аиԥылара мҩаԥгахоит асааҭ 15: 00 рзы Аԥсуа драматә театр афоие аҿы аԥсуа-адыга литературатә фестиваль "Риҵаҿ арифмақәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аиԥылара иалахәхоит Ҟабарда-Балкариа, Адыгеиа, Ҟарачы-Черқьесиа рҟынтәи аделегациақәа, иара убас Аԥсны апоетцәеи, алитераторцәеи, актиорцәеи.
Аусмҩаԥгатә Аԥсны акультура аминистрра ацхыраарала, аԥсуа драмтеатр алархәны имҩаԥысуеит.
Раԥхьатәи афестиваль "Риҵаҿ арифмақәа" мҩаԥысит 2018 шықәса рзы. Апроект авторс дамоуп апоет, адраматург Зарина Ҟаныҟә, адиректор — Лиубов Сосналиева.