Андреи Бетин: "Аԥсны акоманда" Урыстәылатәи аԥышәа хра аманы иамнадоит
16:40 08.10.2026 (ирҿыцуп: 18:09 08.10.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 8 — Sputnik. "Аԥсны акоманда" Урыстәылатәи аԥышәа хра аманы иамнадоит ҳәа иҳәеит аплатформа "Урыстәыла — алшарақәа ртәыла" адиректор хада Андреи Бетин.
Аицлабра "Аԥсны Акоманда" афиналистцәа рҿаԥхьа иқәгылараҿы иара иазгәеиҭеит, ахада иплатформа аметодикеи амеханикеи 2025 шықәсазы ареспублика ишаҭаз Бадра Гәынба иҟаиҵаз аҳәареи Владимир Путин иӡбареи рыла.

"Сара сзы даара игәахәароуп анапхгареи аменеџьерцәеи аԥышәа ирласны иахьышьҭырхуа. 9 шықәса инарзынаԥшуа ҳазхысыз аԥышәа ара, Аԥсны, ирласӡаны ишьҭырхуеит", — ҳәа азгәеиҭеит Бетин.
Иара убасгьы иҳәеит аицлабра алахәылацәа раԥшьгарақәа ас еиԥш рформат аҵаки алҵшәеи шамоу.
Иара убас, Бетин далацәажәеит аҩ-тәылак рыбжьара аусеицура аҿиареи 2025 шықәса жьҭаарамзазы Аԥсны ахада Иусбарҭеи аплатформа "Урыстәыла – алшарақәа ртәылеи" рыбжьара анапы зҵаҩыз аиқәшаҳаҭра иаҵанакуа, иарбан проектқәоу уи зызку.
Андреи Бетин ихатә профессионалтә ԥышәеи абизнеси аҳәынҭусбарҭеи рҿы акариера шышьақәиргыло ртәы еиҭеиҳәеит.
Анапхгаҩцәа реицлабра "Аԥсны акоманда" аҩбатәи асезон аихшьаалақәа ҟаҵахоит иахьа. Апроект аиҿкааҩ — ИИА "Аԥсны акоманда", аплатформа"Урыстәыла — алшарақәа ртәыла" алархәны.