https://sputnik-abkhazia.info/20261008/1066228633.html
Бадра Гәынба: "Аԥсны акоманда" абаҩхатәра злоу анапхгаҩцәа раарԥшразы лшароуп
Бадра Гәынба: "Аԥсны акоманда" абаҩхатәра злоу анапхгаҩцәа раарԥшразы лшароуп
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жьҭаара 8 — Sputnik. "Аԥсны акоманда" абаҩхатәра злоу анапхгаҩцәа раарԥшра адагьы, атәылазы ихәарҭоу аидеиақәа рынагӡаразы илшароуп иҳәеит аҳәынҭқарра... 08.10.2026, Sputnik Аҧсны
2026-10-08T17:31+0300
2026-10-08T17:31+0300
2026-10-08T18:17+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
бадра гәынба
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0a/08/1066230917_0:0:1620:912_1920x0_80_0_0_79f45dbff3e22d7f4668e0d49a38bbda.jpg
АҞӘА, жьҭаара 8 — Sputnik. "Аԥсны акоманда" абаҩхатәра злоу анапхгаҩцәа раарԥшра адагьы, атәылазы ихәарҭоу аидеиақәа рынагӡаразы илшароуп иҳәеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба.Аицлабра аҩбатәи асезон аркраан дықәгыло атәыла ахада иазгәеиҭеит, актәи асезон аихшьаалақәа апроект хра аманы ишыҟоу шаадырԥшыз."Агәра ганы сыҟоуп шәаргьы ишшәымоу ҳтәылазы ихәарҭахаша аидеиақәа, апроектқәа. Наҟ-наҟ аус ахьыжәулозаалакгьы — зехьынџьара ихадароу шәдыррақәеи, шәымчхареи, шәаԥшьгареи ҳҳәынҭқарра аҿиара иазырхазароуп", — иҳәеит ахада.Гәынба дазааҭгылеит аицлабра алҵшәақәа ирыхьмырԥшыкәа Аԥсны анапхгара афиналистцәеи аиааира згази рыбжьара аҭакзыԥхықәу аҳәынҭқарратә маҵурақәа рахь инашьҭхо ауаа ралыԥшаара ишалаго.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0a/08/1066230917_100:0:1540:1080_1920x0_80_0_0_bf2ecc6857abecb9177e25b161e102be.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, бадра гәынба
ажәабжьқәа, аԥсны, бадра гәынба
Бадра Гәынба: "Аԥсны акоманда" абаҩхатәра злоу анапхгаҩцәа раарԥшразы лшароуп
17:31 08.10.2026 (ирҿыцуп: 18:17 08.10.2026) АҞӘА, жьҭаара 8 — Sputnik. "Аԥсны акоманда" абаҩхатәра злоу анапхгаҩцәа раарԥшра адагьы, атәылазы ихәарҭоу аидеиақәа рынагӡаразы илшароуп иҳәеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба.
Аицлабра аҩбатәи асезон аркраан дықәгыло атәыла ахада иазгәеиҭеит, актәи асезон аихшьаалақәа апроект хра аманы ишыҟоу шаадырԥшыз.
"Агәра ганы сыҟоуп шәаргьы ишшәымоу ҳтәылазы ихәарҭахаша аидеиақәа, апроектқәа. Наҟ-наҟ аус ахьыжәулозаалакгьы — зехьынџьара ихадароу шәдыррақәеи, шәымчхареи, шәаԥшьгареи ҳҳәынҭқарра аҿиара иазырхазароуп", — иҳәеит ахада.
Гәынба дазааҭгылеит аицлабра алҵшәақәа ирыхьмырԥшыкәа Аԥсны анапхгара афиналистцәеи аиааира згази рыбжьара аҭакзыԥхықәу аҳәынҭқарратә маҵурақәа рахь инашьҭхо ауаа ралыԥшаара ишалаго.
"Аԥсны акоманда", ари аицлабра алахәылацәа рымацара ракәӡам, уи зыԥсадгьыл зыхьчо, абаҩхатәра злоу ҳҿар роуп. Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа роуп, есҽны зџьабаала ҳтәылауаа рыԥсҭазаара еиӷьызтәуа аҵареи, агәабзиарахьчареи, егьырҭ аусхкқәеи рсистема аусзуҩцәеи ахаҭарнакцәеи роуп", — иҳәеит ахада.