Анаркотикқәа закәаншьаҭада рыҵәахразы х-фактк аадырԥшит Аҟәа амҩақәа рҿы ареид аан
22:10 08.10.2026 (ирҿыцуп: 22:41 08.10.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 8 — Sputnik. Анаркотикқәа закәаншьаҭада рыҵәахразы х-фактк аадырԥшит Аҟәа амҩақәа рҿы ареид аан ҳәа аанацҳаит Аԥсны АҩАР.
Иара мҩаԥысуан аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут хаҭалатәи ихылаԥшрала. Аусмҩаԥгатәқәа ирылахәын Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аоперативтә ҟәшақәеи иҷыдоу ирццаку аҭакҟаҵаратә гәыԥ (СОБР) аусзуҩцәеи.

Ареид амҩаԥгараан 87 машьына рсаркьақәа арлашьцагақәа рымырхит. Ирыԥшааит 11-ҩык арыжәтә ыжәны иҟаз амашьынарныҟәцаҩцәа — урҭ аҭакԥхықәра рыдҵан, амашьынаныҟәцара азин рымхын.
Административтә зинеилагарақәа рзы 271 ԥкаанҵа еиқәыршәан. Жәҩык Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭахь инаргеит рхаҭара ашьақәыргыларазы.
АҩАР аҟны ирҳәеит аҳҭнықалақь аҿы асеиԥш иҟоу агәаҭарақәа иааиԥмырҟьаӡакәа ишымҩаԥгахо.
Хазы ахшыҩзышьҭра арҭарц ргәы иҭоуп уахынла амҩатә ԥҟарақәа реилагара. Аҳҭнықалақь Аҳабла ҿыц аҿгьы ахылаԥшра дырӷәӷәоит — уахь амч цҵақәа дәықәырҵоит.