14,5 нызқь инареиҳаны авагонқәа Аԥсны аихамҩала ианысит жәымз ирылагӡан
22:39 08.10.2026 (ирҿыцуп: 22:51 08.10.2026)

© Sputnik / Владимир Астапкович
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 8 — Sputnik. 14,5 нызқь инареиҳаны авагонқәа Аԥсны аихамҩала ианысит жәымз ирылагӡан.
Аиҳарак арацәа зҭаз авагонқәа роуп — 11 164 ак ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аихамҩа.
Даҽа 1 505 вагон абылтәы-хьшьтәы материалқәа мҩаннагеит. Урҭ хымԥадатәиуп ауааԥсыреи атуристцәеи еиԥҟьарада былтәыла реиқәыршәаразы.
Иахьатәи аамҭазы активла иҿиоит Урыстәылантәи Аԥсны иалсны Очамчыра абаӷәазахь атранзиттә мҩангарақәа ҳәа азгәарҭеит анаплакы апресс-маҵзураҿы.
Авагонқәа иара убасгьы имҩаныргоит ахәша, атрубақәа, аџырлыхқәа уҳәа аидарақәа.