V Жәларбжьаратәи аҵараиурҭабжьаратәи аҵаратә цәыргақәҵа мҩаԥгахоит Аҟәа, жьҭаара 14-16 рзы
22:48 08.10.2026 (ирҿыцуп: 23:10 08.10.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 8 — Sputnik. V Жәларбжьаратәи аҵараиурҭабжьаратәи аҵаратә цәыргақәҵа мҩаԥгахоит Аҟәа, жьҭаара 14-16 рзы.
Алахәылацәа ирылшоит урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҭаларазы иҟоу аҭагылазаашьақәа, аҵаратә программақәа реилкаара, хаҭала ауниверситетқәа рхаҭарнакцәа азҵаарақәа рыҭара.
Ацәыргақәҵа иалахәхоит урыстәылатәи аҵараиурҭақәа 10. Аҭааҩцәа рзы иаздырхиеит аӡыргарақәа, аҟаза-иклассқәа, аинтерактивқәа, аквизқәа.
Аусмҩаԥгатә еиҿкаахоит ацентр "Ҳара ҳаицуп" аҿы. Ихацыркхоит асааҭ 13:00 рзы.
Аиҿкааҩ — Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра.