"Зысасгәашә аарту Аԥсны 2.0" аҩбатәи асезон алахәхаразы азыҳәақәа рыдкылара мҩаԥысуеит
12:36 09.10.2026 (ирҿыцуп: 13:14 09.10.2026)

© Sputnik
Анапаҵаҩра
"Аԥсны Акоманда" аҩбатәи асезон афинал аҿы аицлабра ишалаго азы алаҳәара ҟаиҵеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба.
АҞӘА, жьҭаара 9 — Sputnik. Аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны 2.0" аҩбатәи асезон алахәхаразы азыҳәақәа рыдкылара мҩаԥысуеит абҵара 30 рҟынӡа.
Аԥхьахәтә фонд 50 млн мааҭ артәоит, атуризм аҿиареи анаплакратә аԥшьгарақәа рыдгылареи рзы апроект аҿы аиааира згаз 30-ҩык 1 млн инаркны 2,5 млн мааҭ рҟынӡа аԥхьахәқәа роуеит.
Аицлабрахь аҽҭаҩра алшоит асаит welcome.abkhazia.team аҟны.
Уи рхы аладырхәыр рылшоит зықәра наӡахьоу Аԥсны атәылауаа — астудентцәа, анаплакыҩцәа, атуризм аусхк аҟны аҟазауаа абарҭ ахырхарҭақәа рыла:

Асасдкылареи аинфраструктуреи
Атуризм ахкқәеи иуникалтәу аныррақәеи
Ахҭысқәеи аӡыргареи
Арзҩыдаратәи амедицинатәи туризм
Аиҿкааҩ: ИИЕ "Аԥсны Акоманда", Атуризм Аминистрреи ИИЕ "Урыстәыла — алшарақәа ртәылеи" рыцхыраарала.