00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:07
-2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
30 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
30 мин
On air
18:00
31 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Асахьаркыра-документалтә цәыргақәҵа "Европа ахақәиҭтәыҩцәа" аатит ААУ аҟны

© Sputnik / Томас ТхайцукАГУ
АГУ - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.10.2026
Анапаҵаҩра
Ацәыргақәҵа Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду аҟны асовет еибашьцәа иаадрыԥшыз афырхаҵара иазкуп.
АҞӘА, жьҭаара 9 — Sputnik. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан асовет еибашьцәа рфырхаҵара иазкыз асахьаркыра-документалтә цәыргақәҵа "Европа ахақәиҭтәыҩцәа" аатит ААУ аҿы.

"Ацәыргақәҵа азнархиеит "Урыстәыла ԥсра зқәым аполк". Уи ӡырыргахьан 50 рҟынӡа, Урыстәыла еиуеиԥшым ақалақьқәа рҿы, иара убасгьы аҳәаанырцәҟа — Киргизиа, Беларусиа рахь инаган. Иахьа даара ҳгәы иахәоит, ас еиԥш акрызҵазкуа амш, Кавказ ахақәиҭтәра амш аҽны уи ара иахьадҳарбо", — лҳәеит "Урыстәыла ԥсра зқәым аполк" Анагӡком анапхгаҩы Наталиа Шадрина.

Лара иацылҵеит аусмҩаԥгатә хықәкы хадас ишамоу Европа ахақәиҭтәраан имҩаԥысуаз афырхаҵаратә хҭысқәа даҽазныкгьы ргәаларшәара.

Зынӡа аекспозициа иаҵанакуеит 24 плакат. Урҭ рахьтә жәаха асовет еибашьцәа ирызкуп, рфотосахьақәеи рҭоурыхқәеи арбоуп.

Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Аԥснынтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа Ражьден Лакәаба, Шьаликәа Карчаа, Степан Баранов, Ардашес Мелетиан, Николаи Овсианников, Владимир Стрельников рҭоурыхқәа фба.

Даҽа 11 еиҭарҳәоит 1944-1945 шықәсқәа рызтәи ахақәиҭратә операциақәа ретап хадақәа ртәы — Белград, Варшава, Будапешт, Братислава уҳәа европатәи аҳҭнықалақьқәа рхақәиҭтәра.
Ацәыргақәҵаҿ аҭыԥ хада ааннакылоит лаҵарамза 9, 1945 шықәсазы Берлин аиааира згаз асовет еибашьцәа реиԥылара аазырԥшуа Алексеи Криуков иҭыхымҭа.

Аекспозициа ҷыдарас иамоуп аинтерактивтә формат. QR-код ахархәарала аҭааҩцәа ирылшоит асахьаҿы иарбоу асолдаҭцәа зегьы рҭоурых аилкаара, урҭ рыфронтмҩеи рлахьынҵеи рдырра.

Аартра ашьҭахь имҩаԥгахоит адокументалтә фильм "Аҩбатәи адунеитә. Мраҭашәаратәи атәылақәа рымц" афильм арбара.

Ауснагӡатә еиҿнакааит Аиҿкаара "Урыстәыла ԥсра зқәым аполк", Ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны аибашьра аветеранцәа Рассоциациа", " Аиҿкаара "Аԥсны ҿеи" рыцхыраарала.
Ажәабжьқәа зегьы
0