00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:07
-2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
30 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
30 мин
On air
18:00
31 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бадра Гәынба Атәылахьчара аминистрреи Арбџьармчқәеи рышьақәгылара амш рыдиныҳәалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПрезидент Абхазии Бадра Зурабович Гунба
Президент Абхазии Бадра Зурабович Гунба - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.10.2026
Анапаҵаҩра
Ареспублика Атәылахьчара аминистрра аԥҵаразы аӡбамҭа рыдыркылеит жьҭаарамза 11, 1992 шықәса рзы, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аилашымҭаз.
АҞӘА, жьҭаара 9 — Sputnik. Аԥсны Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ хада Бадра Гәынба аруааи аветеранцәеи ареспублика Атәылахьчара аминистрреи, Аштаб хадеи, Арбџьармчқәеи рышьақәгылара амш рыдиныҳәалеит.

Иара иҳәеит 1992 шықәса жьҭаара 11 рзы, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аилашымҭаз ареспублика Атәылахьчара Аминистрра аԥҵаразы аӡбамҭа шрыдыркылаз, аминистр инапынҵақәа назыгӡо ҳәа дҟаҵан аполковник Владимир Аршба, Аштаб хада аиҳабыс — аполковник Сулҭан Сосналиев.

"Абри амш инаркны, иахьатәи аԥсуа ар рҭоурых ахы акит. Ҳарбџьармчқәа шьақәгылон аидысларақәа рҿы, ҳаԥсадгьыл ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы ажәыларақәа рҿы. Убри аҟнытә, ари амш Аԥсны атәылауаа зегьы рзы аҵак ҷыда амоуп. Аԥсуа ар ҳажәлар ргәымшәареи, рхачҳареи, рдоуҳаи рныԥшуеит", — ҳәа Гәынба иажәақәа аанагоит "Аԥсныпресс".

Аҳәынҭқарра ахада иҳәеит иааиуа амшқәа рзы Аԥсни Урыстәылеи рырбџьармчқәа рыҟәшақәа злахәу зымҽхак ҭбаау аоператив-тактикатә ҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысуа. Аус рыдулахоит ар рхархәаразы ҳаамҭазтәи аформақәеи азнеишьақәеи, еиуеиԥшым архәҭақәа реинырра, аибашьратә зыҟаҵара аҩаӡара ашьҭыхра.
Ажәабжьқәа зегьы
0