"Аԥсны аҳәынҭқарра ахьыԥшымразы" Акт рыдыркылеит жьҭаарамза 12, 1999 шықәсазы
10:18 12.10.2026 (ирҿыцуп: 10:32 12.10.2026)

© Sputnik / Акоп Кущян
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 12 — Sputnik. "Аԥсны аҳәынҭқарра ахьыԥшымразы" Акт рыдыркылеит жьҭаарамза 12, 1999 шықәсазы.
Иахьатәи аԥсуа ҳәынҭқарра аҭоурых аҿы акрызҵазкуа хҭысны иҟалаз адокумент рнапы аҵарҩит аҳәынҭқарра усҟантәи ахада Владислав Арӡынба, Апарламент аиҳабы Сократ Џьынџьал, адепутатцәа.
Уи Аԥсны жәлар аҳәынҭқарратә хьыԥшымра аиҭашьақәыргыларахь шықәсырацәалатәи рықәԥаратә мҩа иалҵшәахеит.
Уаҟа иазгәаҭоуп ареспублика ахьыԥшымразы аҭоурыхтә зин, 1999 шықәса жьҭаара 3 рзы имҩаԥгаз, атәылауаа реиҳараҩык зыдгылаз, аҳәынҭқарраҿ аус зуа Аконституциа, ареферендум аихшьаалақәа рыла ишьақәырӷәӷәан.
"Аԥсны жәлар ишьақәдырӷәӷәеит исуверентәу, адемократиатә, азинтә ҳәынҭқарра — жәларбжьаратәи азин асубиект аргылара ацҵаразы ирымоу агәаӷьра, жәларбжьаратәи аилазаара уи азхаҵара иашьҭаларц", — ҳәа аҳәоит Акт аҿы.