Бадра Гәынба Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит
15:49 12.10.2026 (ирҿыцуп: 16:20 12.10.2026)

© telegram SputnikAbkhazia
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 12 — Sputnik. Бадра Гәынба жьҭаара 12 инаркны жьҭаара 16 рҟынӡа имҩаԥысраны иҟоу Арбџьармчқәа роператив-тактикатә ҽазыҟаҵарақәа ирызку Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит.
Аҽазыҟаҵарақәа рхықәкы хадақәа иреиуоуп ар рнапхгараҭашьа аиӷьтәра, акомандатәи аоперативтәи еилазаара рофицарцәа апрактикатә ԥышәа риура, иара убас Аԥсни Урыстәылеи Рырбџьармчқәа рыбжьара аинырра аус адулара.

"Аҽазыҟаҵарақәа рыгәҭакы аус адулоуп арегион аҿы арра-политикатә ҭагылазаашьа аҿиара аԥеиԥшқәа, аибашьра амҩаԥгаразы зтехнологиа ҳараку ахархәагақәа рхархәара, атактикатә знеишьа ҿыцқәа аус рыдулара шхымԥадатәиу ҳасаб рзуны", — ҳәа аҳәоит ахада ипресс-маҵзура адырраҭараҿы.
Иазԥхьагәаҭоуп аџьынџьтәылатә ҟазауаа аус здырулаз, аибашьра амҩаԥгаразы аҵак ду змоу, арратә акомплекс ҿыцқәа рԥышәара.
Арбџьармчқәа рхада иазгәеиҭеит аҽазыҟаҵарақәа рҳәаа иҭагӡаны раԥхьаӡакәны амшын аҿы ауснагӡатәқәа жәпакы шеиҿкаахо. Иара аидгылақәеи арратә хәҭақәеи ркомандирцәа рнапы ианиҵеит ашәарҭадара аҭахрақәа хьаҵрада рықәныҟәара алдыршарц.
Гәынба иара убасгьы инапы аҵеиҩит ар ргәыԥқәа ркомандаҟаҵаҩцәа раҭаразы аусԥҟақәа.

"Ҵыԥх еиԥш аҽазыҟаҵарақәа рымҽхак ҭбаауп. Ахархәара рыҭоуп зықьҩыла асолдаҭцәеи афицарцәеи, арезервистцәеи. Сгәыӷуеит иарбоу аҽазыҟаҵарақәа рҳәаа иҭагӡаны ирҳахо аҟазареи аԥышәеи еиуеиԥшым архәҭақәеи арҟәшақәеи рхымҩаԥгашьа аишьаршәалара азура алдыршап ҳәа", — ҳәа азгәеиҭеит Бадра Гәынба.